Азҵаара рыҭара

АУНИВЕРСИТЕТ АҬОУРЫХ

More...

Название в одну строчку

More...

Об университете

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ашьақәгылара мҩаду ианысит. Ауниверситет аҽарҭбаауеит иахьатәи аамҭа аҽақәыршәаны. Иахьатәи аамҭазы аҿар азанааҭқәа рацәаны иахьроуа иреиҳау ҵараиурҭоуп. Иара ашьақәгылараҿы ихақәкы хадоуп аинтеллектуалтә кадрқәа атәылазы рааӡара. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ауниверситет ари абиԥарақәа еимаздо аҵасқәеи ҿыц аԥсҭазаара иаланагало аҟазшьақәеи реинырреи рҽахьеидыркылои рҽахьырҭбаауеи ҵараиурҭоуп. Аҿар рыхдырреи рҭакԥхықәреи наҟ-наҟтәи рԥеиԥшазы. Ауниверситет аҿы иҟоуоп жә-факультетк. Адунеи зегьы ахьынӡанаӡааӡо Аԥснытәи Аҳәынқарратә университет аҿы ауп иахьыҟо аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра. Ауниверситет аҟны х-нызқьҩык инарзынаԥшуа астудентцәа занааҭқәа алырхуеит. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет уҭалар уара уԥеиԥши Аԥсны наҟ-наҟтәи аԥеиԥши еидҳәалахоит. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет 1932 шықәса раахижьҭеи уара иуцуп.

АЕЛЕКТРОНТӘ БИБЛИОТЕКА

Аелектронтә библиотекаҿы аҵарадырреи аҭҵаареи адгылара хықәкыс иаҭаны ауниверситет иҭнажьуеит зегьы ирԥыхьамшәо арҵара-методикатә материалқәеи аҭҵааратә рҿиамҭақәеи, еиуеԥшым аусхкқәа ирызкны ауниверсит афакультетқәа ирыдҳәаланы. Атематикатә аихша шьақәгылоуп АББК АУДК шьаҭас иаҭаны,иара убас еихшоуп факультетла.
Адокументқәа зегьы арбоуп Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аелектронтә библиотекаҟны, автор изин ацны. Абиблиотека ахархәаҩ автор изин аилагара ахьчара аҭакԥхықәра аиҭоит.
Шәусумҭақәеи ишәыдгало ашәҟәқәеи аелектронтә библиотекахь аҭагаларазы шәадҵаалар шәылшоит ауниверситет аинформациатә центр ахь. Ҳара ҳкабинет Г- II-3.
Абхазские словари онлайн
АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ Ареспублика Аԥсны , ақ. Аҟәа, амҩа Университетскаиа 1
Азҵаара аҭара