Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра реилазаара акттә зал аҟны имҩаҧысуеит еицырдыруа аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, азинхьчаҩ, ауаажәларратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны Афырхаҵа, А. М. Горки ихьӡ зхыз (иахьа - Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет) аҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи ркафедра аартра аџьабаа ду азызбаз, уи раҧхьатәи напхгаҩысгьы иамаз, апатриот иаша Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрылҧҳа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку II Жәларбжьаратәи Шьаҟрылаа раҧхьарақәа.
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа – Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет дадоцентын. Авторс дрымоуп аҧсуа бызшәа аҭҵаара иазку акрызҵазкуа аусумҭақәа жәпакы. Лара иара убасгьы аус луан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны, ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс. Активла далахәын амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара, ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы ллагала шьардоуп.
Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрылԥҳа дҭахеит абҵара 12, 2004 шықәсазы, Аҧсны Ахада иалхра иахылҿиааз аилаҩеиласра аамҭазы.
Иазгәаҭатәуп, аиҳәшьцәа Екатеринеи Ҭамареи Шьаҟрылаа рыхьӡ анаӡаӡатәразы 2025 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ишаартыз урҭ рыхьӡ зху акабинет.

