Азҵаара рыҭара



Аректорат реилатәара

Иахьа лаҵарамза 12, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит изаамҭанытәиу аректорат реилатәара. Уи ааиртит  аҵараиурҭа  аректор, академик А.А.Гәарамиа.

Аректорат алахәылаҩцәа алацәажәеит акоронавирус ҿкы чымазара иахырҟьаны, акарантин аамҭазы ауниверситет  аҟны аҵаратә процесс шымҩаԥысуа онлаинла.

Амшхәаԥштә азҵаарақәа ируакын адипломтә усумҭакәа рыхьчареи аушьҭратә ԥышәарақәеи рымҩаԥгашьа атәы.

Адеканцәа алацәажәеит афакультетқәа рҟны аҵаратә шықәс ахырқәшаразы имҩаԥгатәу аусхкқәа.

ААУ апроректор Виктор Маланӡиа иазгәеиҭеит, ауниверситет аҿы адипломтә усумҭақәа рыхьчара занааҭқәак рыла дистанциала ишалыршахо, егьырҭ азанааҭқәа рыла иазгәаҭоуп гәыԥ маҷла аудиториаҿы ишрыдыркыло, инаҵшьны иҳәеит арҭ аусурақәа раан адезинфекциатә усхкқәа шымҩаԥгахо.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны сынтәа 683-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп.