Азҵаара рыҭара



Инеиҵыху ААУ аректорат реилатәара

Лаҵарамза 21, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит инеиҵыху аректорат реилатәара, уахь ааԥхьара лыман Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

 Аректорат ааиртит ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа: «Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, ҳара иацаҳҵоит изаамҭанытәиу аректорат реилатәара. Ҳара хшыҩзышьҭра аҳҭоит адунеи аҿы имҩаԥысуа, иҭаҳҵаауеит егьырҭ ауниверситетқәа рԥышәа, аректорцәа гәыԥҩык ҭелла ҳаҽрымаҳдоит, аҵаратә процесс еиҿҳарԥшуеит.

 Академик А.Гәарамиа онлаинла арҵара дахцәажәо иҳәеит:«Атехникатә хархәагақәа шыцхыраагӡатәқәоу, арҵаҩи аҵаҩи русеицура шазымыԥсахуа». «Ҳара иҳамам азин ҳастудентцәеи, ҳарҵаҩцәеи, ашколқәа роушьҭымҭацәеи рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп урҭ рыхьчаразы. Акарантин аамҭазы ҳара имаҷым иҟаҳҵахьоу астудентцәа онлаинла разыҟаҵаразы – алекциақәа, асеминарқәа астуденцәа зыԥхьаша алитература арбаны, арҵаҩцәеи астуденцәеи русеицура ԥкымызт. Хара ҳакәныҟәоит аоперативтә штаб акоронавирус ҿкы чымазара аламырҵәаразы рабжьгарақәа».

 Ари ашықәс азы аушьҭымҭацәа рзы аҳәыҭқарратә ԥышәарақәа ирҟәыхуп, иҟало адипломтә усумҭақәа   рыхьчара ауп, аҳәыҭқарратә ԥышәарақәа ироурц азы иалшо ахәшьарақәа аушьҭымҭатә ԥышәара апрограмма абжьаратә балл ала иԥсахуп. Ари аҩыза асистема алагалоуп аҳәынҭқарратә ԥышәарақәеи адипломтә усумҭакәеи ахьазгәаҭоу мацара. Аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа ахьыҟам азанааҭкәа рҿы иааныжьуп ҳәынҭқарратә ԥышәарак.

 Акарантин аганахь ала ААУ аусзуҩцәа иҿарҵахьеит х-нызқь рҿынӡа асабрадақәа, адипломтә усумҭақәа рыхьчара мҩаԥыслоит акарантин аԥҟарақәа инарықәныҟәаны. Аусмҩаԥгатә азгәаҭаны иахьыҟоу ауадақәа астудентцәа ҩ-метрак рҟынӡа ирыбжьаҵахоит, шьыжьнаҵы ауадақәа зегьы хлоркала ррыцқьара иахыжьлахоит, убасгьы астудентцәа зегьы рнапқәа адезинфекциа рзырулароуп, абри атәы лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Л.Скорик.

 ААУ аҽы ишьақәыргылоуп адипломтә усумҭақәа рсиа, иара астудентцәеи арҵаҩцәеи рацәаҩны иаднамгаларц азы мызкы инеиҳаны аамҭа азыԥҵәоуп. Ахьчарақәа ирылагоит лаҵарамза 25 инаркны, абасала мышкы иалагӡаны адипломтә усумҭакәа рыхьчароуп 5-ҩык инадыркны 10-ҩык рҟынӡа, убри аан ари ахыԥхьаӡара иаҵанакыз астудентцәа раамҭа еиԥшхаӡом, аӡәы шьыжьы даауазар егьи шьыбжьон дақәшәар ҟалоит.

 Аттестациа бжьаҵаны аҵара амҩаԥгара ауниверситет аҿы аҭыԥ амоуп, убри аҟнытә иҟоуп афакультетқәа аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара аҩны иштәоу онлаин аҳасабала амҩаԥгара иақәшаҳаҭхаз, уахь иахыԥхьаӡалоуп иаҳҳәап ажурналистикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ркафедрақәа. Онлаинала аҵара амҩаԥгара ауниверситет азыхиоуп зегь рыла, аха астудентцәа рганахьала аиҵахарақәа ахьыҟоу азы амҩаԥгара залыршахом макьаназы.

 Адкыларатә ԥышәарақәа ари ашықәс азы рыхәҭак ԥсаххоит еиҿцәажәарала, урҭ рыҽҳәара еилкаахоит ашколқәа рҟны аушьҭымҭатә ԥышәарақәа анхыркәшахалак ашьҭахь.