Азҵаара рыҭара



Аҭоурыхтә факультет «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» ахырхарҭала иалго рдипломтә усумҭақәа рыхьчара

   Лаҵарамза 26 аҭоурыхтә факультет астудентцәа адипломтә усумҭақәа рыхьчара иацырҵоит, иахьатәи амш ртәын «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» ахырхарҭала иалго аушьҭымҭацәа. Иара мҩаԥысуан онлаин аҳасабала, иалахәын 10-ҩык астудентцәа. Адипломтә усумҭақәа зыхьчоз астудентцәа 5 минуҭк ирҭагӡаны ртема иазааҭгылар акәын, ахьчара здызкылоз акомиссиа алахәылацәа рҟынтәи аушьҭымҭацәа ироуаз азҵаара иаразнак рҭак ҟарҵон.

   Аҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа ахантәаҩы Максим Ӷәынџьиа иажәақәа рыла: «Акоронавирус ҿкы чымазара ауниверситет аусураҿы иаланагалеит аԥсахрақәа, убри азын имҩаԥгахеит онлаинла. Астудентцәа заанаҵа иаздырхиахьан рдипломтә усумҭақәа. Аԥышәаратә комиссиа алахәылацәа ирыман аҭагылазаашьа урҭ аусумҭақәа рыҭҵаара, иахьа урҭ алыҵшәақәа ҳарзыӡырҩуеит. Сара сгәы иаанагомызт онлаинла адипломтә хьчара, ас еиԥш аҩаӡара ҳаракхоит ҳәа аҵараиурҭаҿы, аха иахьатәи ахьчара уи шьақәнарӷәӷәоит».