Азҵаара рыҭара



«Атуризм» азанааҭла астудентцәа рдипломтә усумҭақәа рыхьчара

Рашәарамза 8 рзы, ААУ ́абиолого-географиатә факультет аҟны рдипломтә усумҭақәа рыхьчон  «Атуризм» азанааҭла астудентцәа.

Аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчеит жәа-ҩык астудентцәа.

Акомиссиа хантәаҩра аиҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистр Т.В.Хышба, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ –агеогр.ҭҵ.ркан., адоцент Н.В.Багаԥшь, акомиссиа далахәын агеогр.ҭҵ.ркан., адоцент М.Д.Каитамба.

Аттестациа иалахәын аусумҭақәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәагьы.

Адипломтә усумҭақәа рызкын атуризм еиуеиԥшым азҵаарақәа жәпакы. Аинтерес рыҵан астуденцәеи акомиссиа алахәылацәеи рыбжьара ицәырҵуаз азҵаарақәеи урҭ рҭакҟаҵашьеи.

Аԥсны атуризм аминистр Т.Хышба иажәақәа рыла адипломтә хьчара мҩаԥысит аусуратә ҳәаақәа ирҭагӡаны: «Иҟан  Аԥсны атуризм аҿиара иазкыз актуалреи аинтереси зҵаз атемақәа. Иара убас  астудентцәа аӡәырҩы зҿлымҿҳара аҭаны иазнеит атуризмаҿы ицәыргоу азҵаарақәа. Агәыӷра ҳамоуп, ас еиԥш иҟоу аспециалистцәа ҳаԥсадгьыл азы ишхәарҭахо» - иҳәеит иара.