Азҵаара рыҭара



Адипломтә усумҭакәа рыхьчара абиолого-географиатә факультет аҟны

Рашәарамза 9 рзы, ААУ абиолого-географиатә факультет «Амедицинатә биохимиа» азанааҭ астудентцәа рквалификациатә усумҭақәа рыхьчон.

Акомиссиа ахантәаҩы – Аԥышәарҭатә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт адиректор, амед. ҭҵ. рдоктор, апроф. З.И. Миқәабиа, ахантәаҩы имаӡаныҟәгаҩ – афакультет адекан, абиол.ҭҵ.рканд., адоцент М.Л.Гогәуа, акомиссиа алахәылацәа – аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра аиҳабы, абиол.ҭҵ.рканд., адоц. Л.О. Аҳәба, акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ – Л.И.Џьелиев, иара убас адипломтә усумҭақәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәагьы рҽаладырхәт.

Акомиссиа алахәылацәа хшыҩзышьҭра аҭаны адипломантцәа ианырзыӡырҩлак ашьҭахь, атемақәа гәылырҭәааны рыҭҵааразы ихарҭәааны азҵаарақ́әа ҟарҵон. Дара рзы ихадаран аушьҭымҭацәа рдыррақәа ииашаны ахәшьараҭара, избанзар асеиԥш иҟоу аспециалистцәа ирыдҵахоит  ҳауаажәлар ргәабзиара ахьчаразы аҭакԥхықәра.

Акомиссиа ахантәаҩы З.И.Миқәабиа иҳәеит, «аусумҭақәа реиҳарак инарҵауланы иаарԥшын, аушьҭымҭацәа рдыррақәа ишьақәгылахьоу аспециалистцәа роуп ҳәа агәаанагара снаҭеит, убри алагьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа ирыдысныҳәалоит»

Афакультет адекан Марина Гогәуа аушьҭымҭацәа ирыдылныҳәалеит рҵара ахырқәшара, ирзеиӷьалшьеит ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.