Азҵаара рыҭара



Аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара агронџьныртә факультет аҟны

Рашәарамза 16 рзы, агронџьныртә факультет Асубтропикатә чысхкқәа ртехнологиа акафедраҟны имҩаԥысит  аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара. Онлаинла акомиссиа хантәаҩра алҭеит атехникатә наукақәа рдоктор, Урыстәыла аҵареи аҭҵаареи  иреиҳаӡоу аттестациатә комиссиа адоцент Елена Владимир-иԥҳа Шьербакова, ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, адекан иҭакԥхықәра назыгӡо Р. Смир.

Ахьчарахь инашьҭын жәа-ҩык аушьҭымҭацәа, урҭ рахьтә ҩыџьа диплом ҟаԥшьла иалгеит.

Атемақәа ирымҽхаркуаз аҳәаа ҭбаан: афеихәа шәырҵла аӡы хаақәа рылхра, аҩы шкәакәа ааглыхра, ачаи – аиаҵәа, аҟаԥшь ааглыхра, аҵәа ишыҟаҵәҟьоу аӡы алхра уҳәа азҵаарақәа жәпакы.

 Аттестациатә комиссиа ахантәаҩы, адоцент Елена Шьербакова гәахәарыла илыдылкылеит астудентцәа рықәгыларақәа: «Адырра ҳаракы аадырԥшит адипломантцәа, аушьҭымҭацәа ирымоуп атехнологиатә хшыҩзцара, ааглыхразы ииашаны амаҭәахә алхра азнеишьа, ахьчара мҩаԥысит  асубтропикатә  культура атехнологиаҿы иазгәаҭоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны, изыбзоуроугьы ААУ агронџьныртә факультет акафедра ауп. Сгәы иаанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра  зҩаӡара ҳараку аспециалстцәа аиуеит».