Азҵаара рыҭара



Аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара «Афымцамч система» акафедраҟны

Рашәарамза 18 рзы агронџьныртә факультет «Афымцамч система» акафедра аҟны имҩаԥысит аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчара. Аттестациахь инашьҭын 23-ҩык аушьҭымҭацәа «Афымцамчи афымцасистемеи» ахырхарҭала аҵара зҵоз, руаӡәк иҵара хиркушеит диплом ҟаԥшьыла.

Акомиссиа хантәаҩра азиуит Аҳәынҭқарратә еилакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада А.Гь. Басариа, акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афакультет адекан иԥхықәра назыгӡо, адоцент Р.А.Смир.

Аусумҭақәа ртемақәа зызкыз еиҳарак Аԥсны араионқәа рҟны афымцамч еилазаарақәа реиҭашьақәыргылара акәын. Атрансформатортә станциаеицҵа апроектҟаҵара Гәдоуҭатәи араионаҿ, аргыларатә маҭәахәқәа рҭыжьразы анаплакмаҷ. Аусумҭақәа руак аҟны иахәаԥшын афымцамч ароли аҵаки Аԥсны ауаажәларратә шәарҭадараҿы.

Аушьҭымҭацәа зегьы қәҿиарала иахысит аихшьалатә аттестациа, 6-ҩык «ибзиаӡаны».

Акомиссиа ахантәаҩы А.Басариа иазӷәеиҭеит адипломтә усумҭақәа рыхьчара иахьатәи  апандемиа ааамҭазы ишымариам, аԥышәа ҿыц шалагалоу аҵараиурҭаҿгьы: «Астудентцәа азыҟаҵан еиуеиԥшымкуа. Сынтәа раԥхьаӡакуны ицәырҵит аусумҭа амилаҭтә фымцамч ашәарҭадара иазкыз атема, ари ахырхарҭа аҿиара аҭатәуп, ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа хшыҩзышьҭра рыҭатәуп. Аҭҵаара  амҩала ауп ииашоу аҿырԥштәы ҳшазнеиуа, афымцамч мацара акәымкәа ахәынҭқарраҿгьы. Хымԥада ҳара зегьы иаҳҭахуп ҳаушьҭымҭацәа  рыҩаӡара еиҳа иҳаракхарц».