Азҵаара рыҭара



ААУ аректор А.А. Гәарамиа абитуриентцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара

Ҳаҭыр зқәу абитуриентцәа!

 

Аҵареи ааӡареи аҵарадырраҿы имал дууп, уи есымша аизырҳара, арҿиара аҭахуп. Сара акырынтә инаҵшьны иазгәасҭахьеит «аҵарадырра ҳаԥсадгьыл аҿы милаҭтә идеаны иҟалароуп» ҳәа.

Ҳара ҳауниверситет иуадаҩу амҩа ианысит. Ауниверситет аиқәырхареи арҿиареи рҿы акыр ацхыраара ҟарҵеит Урыстәыла аҵараиурҭақәа, Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет раԥхьаӡа инаргыланы. Иахьа ҳара ҳнапы алакуп арҵара-методикатә программақәа реиӷьтәра, иҿыцу ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа разыҟаҵара. Ҳгәы рыладууп ҳаушьҭымҭацәа аӡәырҩы.

Ҳаҭыр зқәу абитуриентцәа, даара шәазхәыцны иалышәхыроуп шәаԥхьаҟа шәнапы злашәкуа азанааҭ. Ашкол аҿы шәҵара шықәсқәа раан шәхы азышәышьҭхьан агәманитартә, аԥсабара ҭҵаарадырратә, атехникатә хырхарҭақәа рҟынтәи шәинтересқәа зыдҳәалоу акы.

Иаашәырԥшы адкыларатә ԥышәарақәа рҿы шәдыррақәеи шәылшарақәеи.

Ҳара ҳарҵаҩцәа ибзианы ирдыруеит апандемиа иадҳәалоу ауадаҩрақәа, урҭ зегьы хымԥада хшыҩзышьҭра раҳҭоит.

Ақәҿиарақәа!