Азҵаара рыҭара



АХАДА АҦСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ АРЕКТОР, АПРОФЕССОР АЛЕКО ГӘАРАМИА ДИДИКЫЛЕИТ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор Алеко Гәарамиа дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада аҵарауаҩ 80 шықәса ихыҵра иазку ииубилеи идиныҳәалеит.

Иусҧҟала аҭҵаарадырратәи апедагогикатәи усуразы, зыквалификациа ҳараку аспецилистцәа разыҟаҵараҟны илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аҧша» аорден I и II  аҩаӡара занашьоу, АА зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз иреиҳаӡоу ашкол аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

"Аҭагылазаашьа схы иархәаны, даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалар сҭахуп шәиубилеи. Шәара ҳазҭагылоу аамҭазтәи Аҧсны Аҳәынҭқарра, аҧсуа ҭҵаарадырра ашьақәгылараҟны злагаламҭа дуу уаҩуп. Иҧсабаратәу аҭҵаарадыррақәа русхк аҟны дыҟамзар ҟалап иахьа Шәара ишәыцназго. Шәара шәбиографиа, шәызнысыз аҧсҭазааратә мҩа , хымҧада, иҿырҧшыгоуп ҿыц игыло абиҧарақәа рзы", - иҳәеит иаҵшьны Аслан Бжьаниа.

Алеко Гарамиа  авторс дрымоуп 120 ҭҵаарадырратә усумҭа.
"Ауаажәларра ирдыруеит, Шәара европатәи аҵараиурҭақәа рыҟны арҵара ус шәнапы шалакыз, Шәара шәыхьӡ Сократ ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ауниверситет аҟны ашәышықәазы аҵарауаа дуқәа реестр иалагалоуп. Шәара Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс шәыҟан.  Шәара еицырдыруа спортсменуп, абокс азы жәларбжьаратәи акатегориа змоу ӡбаҩуп, Шәара ҳазшаз еиуеиҧшым абаҩхатәрақәа шәанаишьеит ", – иҳәеит Бжьаниа.

Ахада аректор агәра ииргеит атәыла анапхгара аҧхьаҟагьы ауниверситет ацхыраара шарҭало.  «Ҳара ААУ азыҟаҵара бзиа змоу аспециалистцәа раужьра ҳацхраалоит», - иҳәеит Ахада.

Иахьа Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала аҭҵаарадырратәи апедагогикатәи усуразы, зыквалификациа ҳараку аспецилистцәа разыҟаҵараҟны илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аҧша» аорден I и II  аҩаӡара занашьоу, АА зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы Алеко Гәарамиа «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз иреиҳаӡоу ашкол аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

Ахада Алеко Гәарамиа ахҭырҧа ҳамҭас ииҭеит.