Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны актәи акурс аҵаратә шықәса иалагеит

Иахьа, цәыббрамза 21 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы актәи акурс астудентцәа аҵаратә шықәса иалагеит.Астудентцәа аҵара иалагаанӡа цәыббра 17 рзы инеиҵыху аректорат реилатәарахь дааԥхьан Аԥсны Аҳәынҭқарра асанитартә ҳақьым хада Л.Скорик.

Аҵараиурҭа аиҳабыра иазԥырҵәеит аусмҩаԥгатәқәа жәпакы аҿкы чымазара рыламырҵәаразы. Ихымԥадатәиу акакуны иҟоуп асабрадақәа, антисептикқәа рыла анапы рыцәқьара, ауниверситет ахыбра аҩналарҭаҟны ашоура ашәара. Асоциалтә дистанциа абжьаҵаразы алекциақәа мҩаԥысуеит иҭбаау аудиториақәа рыҟны, алекциақәа рышьҭахь аудиториақәа адезинфекциа иахрыжьлоит, аҳауа цқьа ҩнадырсуеит.