Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аобиектқәеи уи иаԥну аҭыԥқәеи арзҩыдара иахысит.

Жьҭаарамза 29, Урыстәылатәи арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи  хьчара Амшынеиқәатәи арратә флот ахәҭақәа Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи русеицурала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵакырадгьылқәеи уи иахьаҵанакуа аҭыԥқәеи адезинфекциа иахрыжьлеит.

Ас еиԥш иҟоу атехника мҿхакы ҭбаала рхы иадырхәоит акоронавирус аламырҵәаразы.

Аҵараиурҭа  арзҩыдара ахыжьлараан ахархәара аман  амобилтә комплексла аерозольтә дезинфекциа, автоӡлеиратә станциеи, анаҟә хызҵо агенератортә машьынақәеи.

Аспециалистцәа ражәақәа рыла аус здыруло аилаӡҩа маҭәашьар ауаҩы игәабзиараз ԥырхага анаҭом.

 Арзҩыдара иахысит аобиектқәа реиԥш уи иаԥну аҭыԥқәагьы,            зынӡаск аруаа 65.нызқь квадраттә метр  арыцқьара иахрыжьит.