Азҵаара рыҭара



Агәыҳалалратә акциа

Абҵара 19 рзы Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма арҿиара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә  университет ахь иааргеит агәыҳалалратә еидара. Уи  шьақәгылан 495 литра адезинфекциатә хархәага ала.

Еиду амилаҭқәа рхеилак ахаҭарнакцәа идикылеит ААУ  аҵараус апроректор В.И. Маланӡиа. Апроректор иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахеилак ахаҭарнакцәа аҿкы чымазара аҽацәыхьчаразы аҵараиурҭа иарҭо агәыҳалалратә цхырааразы.