Азҵаара рыҭара



ААУ аусура апандемиа аамҭаз

  Аҵаратә процесс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуеит ҭакԥхықәрала, иақәнагоу ақәҵара аҵараиурҭа аҟны ирыдыркылыхьеит.

  Аҵараиурҭаҿы иқәныҟәоит аԥҟарақәа зегьы ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчаразы. Урҭ аԥҟарақәа рахь иаҵанакуеит астудентцәа ршоурашәара, антисептикқәа рхархәарала анапрыцқьара, аҵараиурҭа аҟны иахьынӡаҩноу асабрадақәа рныҟәгара, асоциалтә дистанциа рыбжьаҵара. Ас еиԥш иҟоу аԥҟарақәа ААУ аҟны ишрықәныҟәо азгәарҭеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа русзуҩцәагьы.

     Аԥсны Агәабзиарахьчара Аминистрреи, Аҵара Аминистрреи абызшәатә политикеи, Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма(ПРООН) хәыда-ԥсада аҵараиурҭа еиқәдыршәоит аҿкы чымазара иацәызыхьчо амаҭәашьарқәа рыла.

  Ауниверситет анапхгара еиԥмырҟьакуа даарыԥхьон Аԥсны асанитартә ҳакьым хада Л.Скорик,   ачымазара аԥырҟәҟәааразы лабжьгарақәа зегьы нагӡан.

  Афакультетқәа рдеканцәа еиқәыршәаны ишьақәдырӷәӷәеит аҵаратә график аҵараиурҭаҿы ауаарацәа еиқәымшәарцазы.

  Убри аан иазгәаҭатәуп, ачымазара агәҩара ахьрымоу академиатә гәыԥқәа ахыхьчарахь аҩныҟа ишдәықәырҵо.

  Ауниверситет аструктуратә ҟәшақәа ачымазара амониторинг мҩаԥыргоит. Жьҭаарамзазы ачымазара зцәа иалаз ауаа рхыԥхьаӡара 83-ҩык рҟынӡа инаӡозҭгьы, иахьазы урҭ рхыԥхьаӡара – 25-ҩык рҟынӡа ауп.

  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  ҭакпхықәрала иқәныҟәоит аҿкы аԥырҟәҟәаразы иԥцәоу асанитартә-епидемиологиатә ԥкрақәа зегьы.