Азҵаара рыҭара



Адныҳәалара

  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив иирамш идырныҳәалоит аҵараиурҭа Аҧсуа литература акафедра адоцент, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Адгәыр Паата-иҧа Какоба.

  Акыр иаҧсоу Адгәыр Паата-иҧа!

   Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит иахьатәи шәымш - 55 шықәса шәхыҵра.

  Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Шәара шәанысит имариамыз амҩа, имаҷым ишәылшаз, шәзыхьӡаз. Ламысцқьалатәи шәусуреи шәылшарақәеи ирыбзоураны, еиуеиҧшым аҳаракырақәа рахь шәхалон шьаҿа-шьаҿала, шәмыццакӡакәа, уахь иҩагоу амардуан шәаҿаланы. Аус шәухьеит еиуеиҧшым амаҵураҭыҧқәа рҟны: ауниверситет аҧсуа литература акафедра алаборантс, аҧсуа литература арҵаҩы еиҳабыс, афольклортә лабораториа анапхгаҩыс, аректор ицхырааҩыс, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аиҳабы ихаҭыҧуаҩс, хәышықәса инархыҳәҳәо Аҧсны аҵарадырра аминистрс шәыҟан.

   Аус ахьышәуазаалакгьы, шәыҧсҭазаараҿы, Шәара, еснагь зус ҭакҧхықәра ҳаракыла иазнеиуаз, иахьагьы иазнеиуа, аиашара иазықәҧо хаҭароуп. Иҳанаҳәо акыр ирацәоуп, еиҵагыло абиҧарақәа рзы иҿырҧшыгоуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан шәхымҩаҧгашьа, шәфырхаҵара: шәышқәыҧшӡаз Аҧсадгьыл ахьчаразы абџьар шәнаҵагылеит. Ишәанашьоуп Леон иорден.

   Иахьа, Шәара аҧсуа литература акафедра шәадоцентуп, зыхьӡ-зыҧша нагоу, аколлектив аҟны ҳаҭыр зқәу, аҧышәагьы змоу рҵаҩуп, шәнапы алакуп афольклорҭҵаара.

  Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, аманшәалара, шәнапы злаку аусқәа рҟны ақәҿиарақәа! Аҧсуа ишықәсынҵыра иаҿурҧшуазар, уажәоуп шәшәымҭа шәанааҭагыла. Ус анакәха, шәаҧхьаҟа ишьҭоуп аус дуқәа. Урҭ рынагӡараҿы амчи, алшареи, агәабзиареи Анцәа ишәаҭәеишьааит!

  Зықьнашықәса ҽаанбзиала шгәырӷьо шәнеилааит!

    Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив рыхьӡала

24.11.2020 ш.