Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа

  Ԥхынҷкәынмза 10, асааҭ 12:00 рзы ААУ аҟны имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. Уи азкуп «Аурыси аԥсуа литературеи реизыҟазаашьа: реимадара, рыҭҵаарадырратә ԥеиԥш».

  Аконференциа мҩаԥгахоит онлаин, Zoom аплатформа ала.

  Аиҿкааҩцәа: Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М.Горки ихьӡ зху адунеизегьтәи алитературатә  институт - Аурыс классикатә литература аҟәшеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети (аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи, аԥсуа литературеи ркафедрақәа).