Азҵаара рыҭара



ААУ аректор А.А.Гәарамиа дидикылеит Колумбиатәи ауниверситет апрофессор Рафис Абазов

  Аиԥылара аҟны излацәажәоз азҵаарақәа иреиуан Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны абжьаратә профессионалтә-техникатә ҵара арҿыцра –  аколлеџьқәа реиҭашьақәыргылареи урҭ мыругала реиқәыршәаралеи аҵаратә процесс аиӷьтәра,  арҵаҩцәа   разыҟаҵареи урҭ рыквалификациа аизырҳареи, аҿар апрофтехникатә ҵара радыԥхьалареи.  ААУ аректор А.Гәарамиеи Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма аҿиара апроектқәа рменеџьыр Р.Абазови алацәажәеит  ари ахырхарҭаҟны ԥхьаҟатәи русеицура. Аиԥылараан иазгәаҭан ҳазну аамҭазы хра злоу зҵаараны ишыҟоу онлаин  ҵара ацифровизациа насгьы иара ахархәара апандемиа аамҭазы.  Acас иҳәеит, Аԥсны абжьаратә занааҭ ҵара ашьҭыхразы ауниверситет ароль хадараны ишиԥхьаӡо.

  ААУ аҵараус апроректор В.И.Маланӡиа иазгәеиҭеит крызҵазкуа акакәны ишыҟоу апрофессионалтә-техникатә ҵара аҿар рзы, уи азанааҭ ада изҿиом аҳәынҭқарра.

  А.Гәарамиа иҭабуп ҳәа еиҳәеит Р.Абазов Аԥсны апрофессионалтә техникатә ҵараус аҟны иџьабаазы.

  Аиԥылара хыркәшо асас ианашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа - ААУ 85 шықәса ахыҵраз иҭыжьыз аиубилеитә араӡынтә монетеи, аҟамеи, аҵараиурҭа абуклети, агазеҭ "Аԥсуа университет" аҭыжьымҭеи.