Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит «Аурыси аҧсуа литературеи реизыҟазаашьа, реимадара, рыҭҵаарадырратә ҧеиҧш» ҳәа хьӡыс измаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа.

Аконференциа мҩаҧган онлаин, Zoom аплатформа ала.

Аконференциа ааиртит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа.

Уи иашьҭахь ажәа рыман Урыстәылатәи аҭҵаарадырраҵәа ракадемие академик Куделин Александр Борис-иҧа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Шьербакова Марина Иван-иҧҳа;

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Адлеиба Џьулетта Ианкәа-иҧҳа.

Апленартә еилатәараҿы апрограмма инақәыршәаны, ажәахәқәа ҟарҵеит:

Кавказтәи аинститут аетнологиеи антропологиеи аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Анчабаӡе И. Д., Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аҩӡба У. Ш., афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Папасқьыр А.Л., Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ауниверситет аурыси аҳәаанырцәтәи литературеи ркафедра аиҳабы, адоцент Бахиа Н. Г., Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа литература акафедра аиҳабы, адоцент Аџьынџьал Д. С., Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы еиҳабы Анқәаб А. В., Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра аусуҩы Еныкь Д. Б., Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Шьербакова М. И., Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аҩӡба Р.Л., Стерликова Н.А., Хагба Е. З.

Аконференциа еиҿкаан Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М.Горки ихьӡ зху адунеизегьтәи алитературатә институт - Аурыс классикатә литература аҟәшеи, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети, ААУ Аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи, Аҧсуа литературеи ркафедрақәа рыбзоурала.