Азҵаара рыҭара



АԤСНЫ АХЬАА - ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА

  Ԥхынҷкәынмза 14, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Лаҭа иҭахаз ргәалашәара иамшуп.

  28-шықәса раԥхьа,   ари амш аҽны, аурысцәа рвертолиот МИ-8 Аԥсны Амрагыларатәи ахәҭа аҟынтә ахҵәацәа алганы, Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. 20 минуҭ рышьҭахь, ақырҭуа архәҭақәа ирымпыҵахаланы иҟаз, авертолиот Кәыдрытәи аҩхаа адгьылҵакыра ианахыԥраауаз иҭырҟьан аракета «Землиа воздух». Ашьха аҭыпаҿы икаҳаз авертолиот ԥжәеит, иҭаз аӡәгьы рыԥсы еиқәымхеит. Ари ахлымӡаах иахҟьаны, зныкала 85-ҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара ҿахҵәеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы - 35-ҩык ахәыҷқәа, 8-ҩык зцәа зтәымыз аҳәса. Авертолиот иҭаблыз анышә иамадоуп Гәдоуҭа, аиашьаратә нышәынҭраҿы. ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых адаҟьақәа рҿы мшы еиқәаҵәаны иаанхоит.