Азҵаара рыҭара



Адныҳәалара

    Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив ииубилеи идырныҳәалоит афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы, Аҧсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭа зҽаҧсазтəыз аусзуҩ, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, 60 ҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Иван Дорофеи-иԥа Ҭарба.

 

  Ҳаҭыр зқәу Иван Дорофеи-иԥа! Шәара шәеицырдыруеит иналукааша философк иаҳасабала, шәрылахәхахьеит еиуеиԥшым аконгрессқәеи аконференциақәеи жәпакы. Шықәсырацәала аҵараиурҭаҟны аус шәуеижьҭеи имаҷымкәа еиҵашәааӡахьеит аспециалистцәа ҿарацәа, шәлагалақәа рацәоуп аҭҵаарадырра ус аҿгьы. Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра амш! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара еицамк, агәалаҟазаара бзиа, иҿыцу аҭҵаарадырратә аартрақәа, аԥсуа ишықәсынҵыра!