Азҵаара рыҭара



Агәыҳалалратә акциа

  Еиду амилаҭқәа рхеилак апрограмма аҿиара (ПРООН) ачымазара ҿкы, COVID-19 аҽацәыхьчаразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет азы иааргеит 6-нызқь инарзынаҧшуа амедицинатә сабрадақәа, иконтактәым ашоурашәагақәа, еиуеиҧшым адезинфекциатәи арзҩыдаратәи маҭәашьарқәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟан, иара убасгьы, аҵараиурҭа аконференц-зал азы атехникатә хархәагақәа.

  Еиду амилаҭқәа рхеилак ахаҭарнакцәа идикылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аргылареи анхамҩатә усуреи рзы аректор ихаҭыҧуаҩ Анзор Кортуа. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ахеилак ахаҭарнакцәа аҵараиурҭа иарҭо ацхырааразы.