Азҵаара рыҭара



Зметраж кьаҿу акиносахьақәа рӡыргара


ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҟны имҩаԥысит зметраж кьаҿу акиносахьақәа рӡыргара. Уи напхгара азылуан Аԥсны Аҳәынҭқарра зҿаԥсазтәыз ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ ажурналистика акафедра апрофессор Е.Гь. Бебиаԥҳа.

Апрезентациа рхы аладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым амассатә информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа, Аԥсуа Радио аредактор хада, ажурналист Адгәыр Гәынба, акинорежиссиор, асценарист, Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла акинематографистцәа Реидгыла алахәыла В. А. Аблоҭиа, А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудент, "Аҿар рыгвардиа" ахеилак алахәыла Алеқсандр Аблоҭиа.

Аӡыргарахь ааԥхьара рыман акиносахьақәа зызкыз афырхацәа – С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, атележурналист Кама Быҭәԥҳа, «Агәымшәараз амедал» занашьоу Вианор Агәыхаа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыит ААУ Аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы еиҳабы Риҵа Сақаниаԥҳаи, В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы А.В. Анқәаби.

Апрезентациа аиҿкааҩ Е.Гь. Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, хыкәкы хадас илымаз иреиуоуп, аԥышәа змоу ажурналистцәа алархәны, астудентцәа журналистк иаҳасабала идыр́ҳахьоу аԥышәа аарԥшра акәын. Уи инаҷыданы, акиносахьа аҭыхшьа, амонтаж аус адулашьа, амузыка аҵаҵашьа ахьынӡарықәҿиаз атәы аарԥшра. «Амассатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа аҭагылазаашьа рыман астудентцәа аусура радыԥхьалара. Ас еиԥш иҟоу аиԥылара аби́ԥарақәа рԥышәа аимадаразы цҳак иаҩызоуп» - ҳәа азгәалҭеит Е.Бебиаԥҳа.

Апрезентациаҿы иӡырган 1, 3 акурсқәа рҿы итәоу астудентцәа русумҭақәа:

Милана Лагәлааԥҳа- «Аибашьҩы игәалашәарақәа»;

Рафида Смырԥҳа- «Зажәа хьыршәыгәу ажурналист»;

Лана Агрԥҳа- «Ирӡым ақьабызқәа»;

Диана Қапԥҳа- «Гәыгәыца Џьыкырԥҳа лыԥсҭазааратә мҩа»;

Ҳамида Аҩӡԥҳа- «Лаҭатәи атрагедиа»;

Лана Арланԥҳа- «Ажәытәтәи аамҭазы иҟаз аҵасқәа иахьатәи аамҭазы ишымҩаԥырго»;

Аделиа Царгәышԥҳа- «Мцала иӡрыжәу»;

Ана Амҷԥҳа- «Алаванда»;

Милена Қәарҷиаԥха- «Актиортә ҟазара»;

Шьазина Аԥшьлааԥҳа- «Зус иазҟазоу»;

Илона Бганԥҳа- «Аԥсуа хәшәқәеи аҭәҳәақәеи».

Аӡыргара ахыркәшамҭаз, амассатә информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа астудентцәа ирзеиӷьаршьеит ажурналистика ахырхарҭаҟны аизҳареи ақәҿиарақәеи.