Азҵаара рыҭара



Агазеҭ «Аԥсуа университет» 39 шықәса ахыҵит

   Агазеҭ «Аԥсуа университет» («Аԥснытәи ауниверситет») раԥхьатәи аномер ԥхынҷкәынмза 25, 1981 шықәсазы иҭыҵит. Тиражрацәала агазеҭ аҭыжьра крызҵазкуа хҭысын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азы.

Раԥхьатәи адныҳәаларатә ҳәамҭа аҟны ажәа змаз А.М.Горки ихьӡ зху ААУ аректор З.В.Анчабаӡе иазгәеиҭон: «Агазеҭ ҟалароуп ҳуниверситет аколлектив аԥсҭазаара зныԥшуа саркьан. Уи алаԥшҳәаа иавымшәозароуп ҳусура хуҭакгьы. Дарбанзаалак дыстудентыз, дусуҩыз, иԥшьоу уалуп зегь рзы, агазеҭ ихырҳагоу агәҭакы қәҿиарала анагӡараҿ ацхыраара аҭара».

Агазеҭ ҭыҵуан есымчыбжьа, абызшәақәа ҳԥа рыла – аԥсуа, ақырҭуа, аурыс. Раԥхьатәи аредактор – ажурналист Николаи Џьонуа (1981 -1989 шш.).

   «Аԥсуа университет» раԥхьатәи амшқәа инадыркны азҿлыҳара аман аҵараиурҭа аҩныҵҟа адагьы аҳәынҭқарраҿгьы. Аҿар рзы иҭыжьу ишақәнагоу еиԥш аинтерес аиура зыбзоуроугьы Николаи Џьонуеи аредакциа аусзуҩцәеи роуп.

   1992 шықәсазы аибашьра Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара еиланагеит, ауниверситет аусура еиԥнарҟьеит. Агазеҭ «Аԥсуа университет» ҭыҵуамызт. Хышықәса рышьҭахь ауп аредакциа аусура ахацыркра аналыршаха. Аибашьра ашьҭахь, Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи аномер ҭыҵит абҵарамза 1996 шықәсазы.

Иахьатәи аамҭазы ААУ аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа ибзоурала, агазеҭ акыр аҽеиҭанакит, иҭыҵуа иалагеит ԥшшәы рацәалеи зхаҭабзиара ҳараку ақьаад ахархәара ала.

Агазеҭ ианыԥшуеит ганрацәалатәи ауниверситет аԥсҭазаара, иалнаршоит аԥышәа аимдара, иаанартуеит аҿар ргәы иҵхо азҵаарақәа. Аредакциа аусзуҩцәа рнаҩсгьы, ари агазеҭ аҿы икьыԥхьуеит астудентцәеи ауниверситет аусзуҩцәеи. Аҵараиурҭа аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәоит, иаԥҵоуп аҿар ирызку арубрика ҿыцқәа, иара убасгьы, аҵарадырра, астуденттә ԥсҭазаара, аспорт ирыдҳәалоу. Ҿыц аҩра иалаго астудентцәа алшара рымоуп ари агазеҭ адаҟьақәа рҟны рыстатиақәа, иара убас, рхатәы ԥҵамҭақәа ркьыԥхьра.

Агазеҭ атрадициа бзиақәа еихаҳауа, иахьагьы иаанарԥшуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ганрацәалатәи аԥсҭазаара.

Агазеҭ ҭыҵуеит мызкахьы знык.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы редакторцәас аус руан: Гьаргь Амҷба, Руслан Ҭарба, Роланд Џьоџьуа, Роланд Ажьиба, Баҭал Шәлымба, Алина Ажьиԥҳа, Џьамбул Инџьгиа.

2013 шықәса раахижьҭеи, агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет» редактор хадас дамоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалоу, Европатәи ауниверситетқәа рассоциациа (HISTES) ҳаҭыр зқәу алахәыла Алхас Чхамалиа.