Азҵаара рыҭара



Аконсорциум аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик А.А.Гәарамиа "Кавказ Ду" ҳәа хьӡыс изауз Аконсорциум аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра инапы аҵаҩит.

Анапаҵаҩра ацеремониа онлаин аформат ала имҩаԥысуан.

Аиқәшаҳаҭра аԥҵан еиуеиԥшым ганрацәалатәи академиатә усеицура аҿиаразы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Ермантәылатәи архитектуреи аргылареи рмилаҭтә университети, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор А.А. Гәарамиа, Ермантәылатәи архитектуреи аргылареи рмилаҭтә университет аректор, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Е.В.Варданиан, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор, аполитехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Д.Н.Беспалов, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ауниверситет аректор, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор В.Б.Тедеев.

Аиқәшаҳаҭра иалнаршоит: аҭҵаарадыра-рҵаратә, акультура-гуманитартә хырхарҭала аусеицура ашьақәыргылара, Кавказ Ду аҵакыраҿы иҟоу иреиҳау аҵараиурҭақәа рыбжьара аимадарақәа рырҭбаара.

Адокумент ахықәкы хадақәа ҳасаб рзуны иазԥхьагәаҭоуп аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаразы арҵагатә программақәа аус рыдулара, аметодикатә цхыраагӡақәа реиқәыршәара, адистанциатә технологиақәа рхархәарагьы налаҵаны, арҵаҩцәа рыквалификациа аизырҳаразы акурсқәа раԥҵара, апрофессор-рҵаҩратә еилазаара рԥышәа аимдара, аҭҵаарадырратә конференциақәеи, асеминарқәеи, асимпозиумқәеи, амастер-классқәеи, акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи уҳәа убас иҵегьы.

ААУ аректор, академик А.А.Гәарамиа иажәахә алагамҭаҿы иазгәеиҭеит, 2014 шықәса аахижьҭеи Аԥснытәи ахәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети аиқәшаҳаҭра шрыбжьоу, сынтәатәи ашықәс сентиабр 24 рзы иаҵаҩын ари аиқәшаҳаҭра иҿыцу аредакциа. Ааигәа ҳҵараиурҭа иаҭааит азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат М.С.Трофимови аҭоурых акафедра адоцент Л.П.Ермольниковаи. Дара ирылдыршеит иҳабжьаз аиқәшаҳаҭрақәа рхы иархәаны ҳҵараиурҭақәа рыбжьара ҩ-дипломк аиура алзыршо аҵаратә программа аԥҵара. Аконсорциум алахәылацәа   рахь ихы рханы иазгәеиҭеит, иреиҳау аҵараиурҭақәа русеицура еснагь аҵак ду шамоу.

"Аконсорциум" аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра иалнаршоит аҵареи аҭҵаарадырреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы реицыӡбара, хырхарҭа рацәала аусеицура", - ҳәа азгәеиҭеит ААУ аректор А.А.Гәарамиа.