Азҵаара рыҭара



Аԥышәаратә сессиа иалагоит


  «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥышәаратә сессиа алагоит ажьырныҳәа 18 инаркны», - иҳәеит ААУ аҵараус актәи апрореқтор Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа.

  «Атәыла зегьы аҟны аиԥш, ҳастудентцәеи ҳарҵаҩцәеи рыбжьара иҟоуп ачымазара зхызгахьоуи уажәы ичмазаҩуи. Урҭ рхыԥхьӡара уамак ирацәам. Аҵыхәтәантәи аиформациа ала, аныҳәамшқәа раан иҟоуп ичмазаҩхаз арҵаҩцәа, ичмазаҩхаз астудентцәа рхыԥхьаӡара иахьазы иҭҵааны иҳамам», - иҳәеит апроректор.

  Аҵаратә процесс дахцәажәо, В.И. Маланӡиа иазгәеиҭеит, аҽазыҟаҵарақәа рыхәҭак онлаин арежим ала ишымҩаԥысуаз, егьи ахәҭак ААУ аҵараиурҭа аҟны.

  Ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа астудентцәа реиҳараҩык азшьа арҭахьан.

  «Иҟоуп маҭәарқәак азшьа аҭараан онлаин ахархәара ахьаиуа, аха хадара злоу изанааҭтәу амаҭәарқәа раҭара мҩаԥгахоит аҵараиурҭа аҟны. Аԥышәарақәа раҭара аамҭеихшара шьақәырӷәӷәоуп. Убри аан ҳара хылаԥшра аҳҭоит ауниверситет аҟны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа. Аҵараиурҭа аҟны аҿкы чымазара аламырҵәаразы ҳацклаԥшлоит ичмазаҩуи ахыхьчарахь иҟоуи ргәабзира», - азгәеиҭеит иара.

  Аҵараус апроректор иажәақәа рыла, аԥышәаратә сессиа аамҭеихшанҵа еиқәыршәоуп ауаа рацәа ААУ аҟны иаднамгаларц.

  «Ҳара ҳақәныҟәоит асанитартә-епидемиологиатә бжьгарақәа, ҳастудентцәеи ҳарҵаҩцәеи аҿкы чымазара рацәыхьчаразы аԥкрақәа зегьы ҳрықәныҟәоит. Убри аан, иҳалҳаршоит аҵаратә процесс еиԥымҟьартә аҟаҵара, астудентцәа ироураны иҟоу адыррақәа рыҭара», - ҳәа азгәеиҭеит В.И.Маланӡиа.