Азҵаара рыҭара



Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟны аҧсшьара мшқәа ирыцҵоуп


Аамҭала аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба инапы аҵаҩит Аминистрцәа Реилазаара ирыдыркылаз ақәҵара "Ажьырныҳәа 15-16 ҧсшьара мшқәаны".

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟны аҿкы чымазара аҽацәыхьчареи аҧырҟәҟәареи рзы, иазҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы, аорганизациақәеи аусбарҭақәеи рырзҩыдара инамаданы ахәашеи асабшеи ҧсшьара мшқәаны ирылаҳәоуп.