Азҵаара рыҭара



Лыԥсҭазаара далҵит иналукааша аҵарауаҩ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, афилологиатә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи гәалсра дула адырра ҟарҵоит лыԥсҭазаара дшалҵыз афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-аԥша» аорден II аҩаӡара занашьаз Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа иагьрыдышшылоит луацәеи лҭынхацәеи.

Аҵарауаҩ лыхдырратә ԥсҭазаара зегьы азылкит аҭҵаарадырра аус – аԥсуеи абазеи бызшәақәа рыҭҵаара. Аԥсуа бызшәа асинтаксис, ажәахырҿиаара, алитературатә бызшәа ашьақәгылашьа уҳәа рыҭҵаараҿы. Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа лнапы иҵлыжьхьеит имаҷымкәа аҭҵаарадырратә усумҭақәа, арҵага шәҟәқәа. Лусумҭақәа аԥсуа ҭҵаарадырра ахьтәы фонд иалалеит, амилаҭтә ҭҵаарадырра ахьӡ шьҭнахит. Лидиа Платон-иԥҳа лусумҭақәа афилологиаҿы хәызмам акәны инхоит. Лгәалашәара лаша, лколлегацәа еснагь ирыцзаауеит.