Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаԥысит ҳџьынџьуаҩ Алԥер Бганба ишәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» аӡыргара


Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аԥшьгарала, имҩаԥысит ҳџьынџьуаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Леон иорден» занашьоу Алԥер Бганба ишәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» аӡыргара.

Аиԥылара иалахәын аҭоурыхтә факультет адекан, адоцент Алик Габелиа, аҭоурыхҭҵааҩ   Џьамбул Инџьгиа, Вл.Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб, Лиолиа Бганба.
Ҭырқәтәылантәи иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо, Алԥер Бганба Аурыс-Аҭырқәа еибашьра ашьҭахь, Гәыбаадәы ақыҭа иахцаны Ҭырқәтәылаҟа ихдырҵәаз  Бганба Кобашь дихылҵшьҭроуп. Иани иаби Аԥсны зыхьӡ нагоу Џьынгьыз Бганба Адиле Ҭраԥшьԥҳеи ԥшьҩык ахәыҷқәа ртәыла иацәыхараны ишрызҳауазгьы рбызшәеи ркультуреи рыларааӡеит.

23 шықәса ракәын ихыҵуаз Алԥер  Аԥсныҟа данаа.
Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа  аниаҳа атехникатә институт аҵыхәтәантәи акурс дышҭаз иҵара ныжьны, иҩызцәа дрыцны даауеит еибашьра. Иара дрылахәын Марттәи ажәылареи Тамшьтәи адесанти, дхәын хынтә, ианашьоуп Леон иорден. Аибашьра аԥсҭазаара иагәыслны ицаз, жанрла амшынҵа иаҩызоу, хыцыԥхьаӡа автор аԥхьаҩцәа ихатә ԥсҭазаара иадҳәалоу аҭоурых иагәылаирԥшуеит.

Аиԥылараҿы аҵарауаҩ Ахра Анқәаб дахцәажәеит Алԥер иаб Џьынгьыз Бганба напылаҩырала ииҩхьаз Аԥсадгьыл азхьаара атематика аазырԥшуа, жанрла ароман иазааигәо аҩымҭа Хынҳәышьа змауз амҩа».
Ахра Анқәаб еиҭеиҳәеит аусумҭа Вл.Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет иҭрыжьуа ажурнал «Аԥсангьыри» ҩ-номерк рдаҟьақәа рҿы ацыԥҵәахақәа шкьыԥхьыз атәы, иара убас, Џьынгьыз ипоезиатә рҿиамҭақәакгьы. Иара убас аҵарауаҩ иазгәеиҭеит Алԥер Бганба еиԥш иҟоу Аԥсны аҵеицәа рылша шырацәоу ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара аус аҿы.
Ашәҟәы аӡыргара иалахәыз рахьтә, ААУ аҭоурыхтә факультет астудентцәа ашәҟәы ахҳәаа азыҟарҵеит ААУ аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи археологиеи аетнологии ркафедра алаборант Альбина Џьапуа,Алиас Ҵәыџьба,Линда Малиа,Алина Ҭаниа.
Алԥер Бганба ишәҟәы еиднакыло аибашьра амшынҵа, игәалашәарақәа рзикит Аиааира ҳзаазгарц азы бџьаршьҭыхла еибашьуаз, аха уи абара иахьымӡаз ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа. Ашәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» ҩуп ҭырқәшәала, аԥсшәахь еиҭеигеит ауаажәларратә усзуҩ Оқтаи Чкотуа.