Азҵаара рыҭара



Еиду Америкатәи Аштатқәа ауаажәларратә аҿиара аусбарҭа (USAID) ахеилак ахаҭарнакцәа ААУ иаҭааит.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын Ауаажәларратә аҿиара аусбарҭа   (USAID) ахеилак ахаҭарнакцәа Питер Вилбер, Адам Смит, Кети Нат, Браиен Џьенсик, иара убас Еиду амилаҭқәа рхеилак ПРООН аусуҩцәеи аспециалистцәеи Ивана Лагиниа, Гаиане Чахариан, Амина Еныкь, аиԥылара, иара убас, рхы аладырхәит ААУ аекономикатә факультет адекан Ева Озган, абиологиа - географиатә факультет адекан Марина Гогәуа, агронџьныртә факультет аусуҩцәа Нонна Шьакаиа, Дариа Беқир- оглы.

Асасцәа идикылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа.

Жәларбжьаратәи Аҿиара апрограмма инақәыршәаны Еиду Америкатәи Аштатқәа рфинанстә цхыраарала, аусбарҭа (USAID) аҵараиурҭа еиқәдыршәахьан аинформациатә-коммуникациатә технологиала ауниверситет аконференц-зал. Иара убас, ААУ акомпиутертә лабораториа азы ҩажәа компиутери, апринтери, апроектори ала.

Аиԥылара алагаанӡа аусбарҭа (USAID) ахаҭарнакцәа      игәарҭеит иааргахьаз атехника аусушьеи, насгьы, ахархәара шаиузи атәы. Аиԥылараҿы аҩ-ганкгьы ԥхьаҟатәи аусеицуразы иакымкәа-ҩбамкәа аусқәа азгәарҭеит.

Урҭ рынагӡаразы аусеицура ишазыхиоу атәы рҳәеит.