Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны онлаинла имҩаԥысит аекономикатә ҭҵаарадыррақә рдоктор, апрофессор А.Ф.Сидоров игәалашәара иазку аконференциа

Аконференциа хыс иаман "Аџьармыкьа нхамҩа афеномен: ахыҵхырҭа инаркны иахьатәи ҳаамҭанӡа. Аинформациатә технологиақәеи аинновациатә ӡбарақәеи ринститут аҿиара".

X-тәи Жәларбжьаратәи аконференциа иалахәын: Тимириазев ихьӡ зху Москватәи ақыҭанхамҩатә аграртә университет, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет,  Каршинсктәи анџьныр-економикатә институт, Урыстәыла Аҳәынҭқарра аҟны иаԥҵоу Афинанстә университет, Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә университет,  Алада Афедералтә аокруг иатәу аҭҵаарадырратә аекономикатә институт, Краснодартәи афинанстә университет, Белоруссиатәи аҳәынҭқарратә аграртә-техникатә университет, Лугансктәи амилаҭтә аграртә университет, Т.Г.Шевченко ихьӡ зху Приднестровтәи аҳәынҭқарратә университет, Самаркандтәи аекономикеи асервиси аинститут.

Аконференциа далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Афинансқәа рминистр Владимир Делба, уи иазгәеиҭеит сынтәатәи ашықәс асимволтә ҵакы шамоу - ААУ 90 шықәса ахыҵреи,  аҵаруаҩ А.Ф. Сидоров изку аконференциа мҩаԥысуеижьҭеи 10 шықәса аҵреи.

Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ажәахә ҟаҵарахь ииасаанӡа, дыргәаладыршәеит аконференциа зызкыз аҵарауаҩ А.Ф.Сидоров.

Аконференциа аҭҵаарадырратә напхгаҩыс даман - Урыстәылатәи Афедерациа иатәу Афинанстә университет "Аекономикатә ҭоурых ахшыҩҵак" асекциа аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор,  апрофессор Иадгаров Иаков Семион-иԥа.

ААУ аекономикатә факультет адекан, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Озган лықәгылара аҟны илҳәеит: "X-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа ахықәкы хадақәа иреиуоуп егьырҭ ауниверситетқәа рхаҭ́арнакцәеи ҳареи актуалтә темақәа - ацифратә економика иахьатәи ҳаамҭазы ахархәареи, насгьы, ҳазҭагылоу аԥкрақәа раамҭазы уи аҿиареи рԥышәа аимдареи, аекономика аҟны хадара злоу азҵаарақәа жәпаки реицыӡбара ауп. Ҳуниверситет азыхиоуп Урыстәылатәи ауниверситетқәеи ҳареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭакӡаны академиатә еимадарақәа рырҭбаара. Уи аҟны ихадоу хырхарҭақәаны иҟоуп: аҭҵаарадырратә конференциақәа реицымҩаԥгара, ААУ аушьҭымҭацәа есышықәсатәи реихшьаалатә конференциақәа рахь жәларбжьаратәи аҵарауаа рааԥхьара, зыхьӡ нагоу аҵарауаа рааԥхьара автортә лекциақәа рыԥхьаразы амагистратура иҭоу рзы, насгьы амагистрантцәа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны апрактика рахысра алыршара».

Онлаин конференциа аҟны ААУ аекономикатә факультет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара рҟынтә  аҵарауаа ажәахәқәа ҟарҵеит.