Азҵаара рыҭара



ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи Тҟәарчал араион ашколқәа роушьҭымҭацәеи реиԥылара

Имҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, ААУ адкыларатә комиссиа анапхгареи Тҟәарчал араион ашколқәа роушьҭымҭацәеи реиԥылара.

Аиԥылара аартуа адкыларатә комиссиа аиҳабы Инга Арӡынба даԥхьеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа абитуриентцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара. Абитуриентцәа ирзеиҭаҳәан ауниверситет аҟны иҟоу азанааҭқәеи ҿыц иалагалоу ахырхарҭақәеи ртәы.

Аиԥылара мҩаԥысуан Кьыршьал Чачхалиа ихьӡ зху актәи абжьаратә школ аҟны. Аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал ашкол анапхгара ҳамҭас ашәҟәқәа рылҭеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз абитуриентцәа алшара рыман ирызцәырҵуаз азҵаарақәа рықәыргыларазы.