Азҵаара рыҭара



ААУ 90 шықәса ахыҵра иазку агронџьныртә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, аҵарауаа ҿарацәеи, аспирантцәеи, астудентцәеи рыҭҵаарадырра-практикатә конференциа

Аконференциа анапхгара алҭон агронџьныртә факультет "Агрономиа" акафедра аиҳабы Кама Чыкәбар.

Астудентцәеи, аспирантцәеи, аҵарауаа ҿарацәеи ражәахәқәа напхгара аиҭон ААУ амагистрант Асҭан Арџьениа.

Аҭҵаарадырратә конференциа аҟны изыхцәажәаз азҵаарақәа рымҽхак ҭбаан: агронџьныртә факультет акафедра "Агрономиа" ԥшьышықәса рыҩныҵҟа   имҩа́ԥнаго аҭҵаарадырратә усура, Аԥсны ауҭраҭыхааӡара азҵаара, Аԥсны аҵиаақәа рыхьчаразы иаԥҵоу агротехникатә метод, Аԥсны абаҳҷақәа рааӡара ирыдҳәалоу атема уҳәа жәпакы.

Зынӡа аконференциа аҟны ажәахәқәа ҟарҵеит 7-ҩык апрофессор-рҵаҩратә еилазаара аҵарауааи 3-ҩык астудентцәеи:

Адоцент К.Т. Чыкәбар - Органическое овощеводство в условиях Абхазии;

Арҵаҩы еиҳабы С.А.Гадлиа- Загрязнение природной среды удобрениями и негативные последствия;

"Агрохимиа" алабораториа аиҳабы, арҵаҩы Д.В. Цыбулиовскаиа - Научно-исследовательская деятельность лаборатории агрохимии при кафедре "Агрохимия" за 2019-2021 гг;

Арҵаҩы И.К. Хәаԥшыхә - Агротехнический метод - как основной элемент интегрированной защиты растений;

Арҵаҩы З.В. Габуниа - К 90-летию видного абхазского ученого в области агрономии - Хватыш Георгия Алексеевича;

Аспирантка, арҵаҩы Л.Б. Џьинџьолиа - Применение листовых подкормок на культуре яблони в экспериментальном хозяйстве "Наш Сад". Аҭҵаарадырратә напхгаҩы адоцент К.Т. Чыкәбар;

Алабораториа "Агрономиа" апрепоратор И.Н. Хварцкиа - Перспективы выращивания зеленых культур на примере кочаного салата. Аҭҵаарадырратә напхгаҩы адоцент К.Т. Чыкәбар;

3-тәи акурс астудент А.В. Ҵәыџьба- Перспективы возделывания голубики в РА. Аҭҵаарадырратә напхгаҩы адоцент К.Т. Чыкәбар;

3-тәи акурс астудент Г.Д.Ҳашба- Применение метода Митлайдера в практическом овощеводстве. Аҭҵаарадырратә напхгаҩы адоцент К.Т. Чыкәбар;

4-тәи акурс астудент Н.Б. Ферзба - Технологические особенности выращивания микрозелени. Аҭҵаарадырратә напхгаҩы адоцент К.Т. Чыкәбар.

Аконферециа хыркәшо, "Агрономиа" акафедра аиҳабы Кама Чыкәбар астудентцәеи аҵарауаа ҿарацәеи ирзеиӷьалшьеит рыҭҵааратә усумҭақәа рҟны идырҳаз рдыррақәа шьақәдырӷәӷәарц апрактика аҟны.

Иазгәаҭатәуп, агрономиа ахырхарҭала аҵара зцоз астудентцәа активла рхы шаладырхәуаз аконференциа.