Азҵаара рыҭара



Имҩаԥысит ААУ Аҵарауаа Рхеилак аилатәара

Амшхәаԥштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа иреиуан: адоктортә диссертациақәа рыхьчаразы зныктәи адиссовет аԥҵара, "Апедагогикатә наука"  ахырхарҭаҟны  Адиссертациатә Хеилак ашьақәырӷәӷәара, аекономикатә факультет адекан Ева Озгани, апедагогикатә факультет адекан Лиуда Бениеи, афизика-математикатә афакультет адекан Ниазбеи Ԥачулиеи ркандидатурақәа рышьақәырӷәӷәареи уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа жәпакы.
Аҵарауаа Рхеилак аилатәара рхы аладырхәит ААУ афакультетқәа рнапхгаҩцәеи акафедрақәа реиҳабацәеи.
Иазгәаҭатәуп, ААУ Аҵарауаа Рхеилак аилатәара ихы шалаирхәыз Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.