Азҵаара рыҭара



ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи Гал араион ашколқәа роушьҭымҭацәеи реиԥылара

Мшаԥымза 13 азы имҩаԥысит  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи адкыларатә комиссиа анапхгареи  Гал араион ашколқәа роушьҭымҭацәеи реиԥылара.

Уи мҩаԥысуан галтәи акультура ахан аҟны. Аиԥылара аартуа адкыларатә комиссиа  аиҳабы Инга Арӡынба даԥхьеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа абитуриентцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара. Гал араион абитурентцәа ирзеиҭаҳәан ауниверситет  аҟны иҟоу  азанааҭқәеи ҿыц иалагалоу ахырхарҭақәеи ртәы. 

Аиԥылара ахыркәшамҭазы абитуриентцәа алшара рыман ирызцәырҵуаз азҵаарақәа рықәыргыларазы.