Азҵаара рыҭара



Ажурналистцәа рԥышәеизырҳара иазку апроект

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит "Ареалтә журналистика "Герои поверх границ" ҳәа хыс измаз жәларбжьаратәи апроект.

Апроект аусура ҩ-мыш азыԥҵәоуп. Урҭ амшқәа ирҭакӡаны аԥышәа змоу Урыстәылатәи ажурналистцәеи амедиа зыҟаҵаҩцәеи, рколлегацәеи, ААУ астудентцәеи ахцәажәон иахьатәи аамҭазы ажурналист изанааҭ аҽшаԥсахыз, насгьы аԥышәа змоу ажурналист, аблогерцәеи асоцҳақәа рҟны ажәабжьқәа зыҩуа ауаа ирыламыӡҩарц азы иҟаҵатәу атәы.

Урҭ русура рзырхоуп: ажурналистцәа, апресс-маҵзурақәа русзуҩцәа, аблогерцәа, ажурналистика ахырхарҭала аҵара зҵо ажурналистцәа, амассатә информациатә хархәагақәа азанааҭ знапы алаку аспециалистцәа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: ААУ ажурналистика акафедра аиҳабы, апрофессор Гәырам Амқәаб, Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Михаил Масаев, Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә центр анапхгарҭа ахантәаҩы Наталиа Каиун, ААУ ажурналистика акафедра астудентцәа.

Икоммерциатәым аиҿкааара «Урыстәылатәи арепортиорцәа» рыпроект аҳәаақәа ирҭакӡаны ажәахәқәа ҟарҵеит: апроект адиректор хада Дмитри Михаилин; амедиаексперт, ажурнал «Ажурналист» аредақтортә гәыԥ адиректор Мақсим Корнев; Урыстәыла иреиӷьу арепортиор, «Взгляд» апрограмма аинтернет-ҭыжьымҭа ахҳәаа ҟазҵо Иури Василиев; ақалақьтә еимадарақәа рпортал анапхгаҩы, Тик-Ток аканал апродиусер Илиа Лочканов.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Дмитри Михаилин иазгәеиҭеит, апроет аусура асистематә шьаҭа шамоу - ажурналист идыррақәа шеизнарҳауа, ишханарҭәаауа, ипрофессионалтә ҩаӡара шышьҭнахуа атәы.

Апроект аусура анхыркәшахалак ашьҭахь, уи амҩаԥгаҩцәа иалыркаауеит иреиӷьу ажурналисттә усумаҭақәа, урҭ ажурналистцәа алшара роуеит иреиӷьу урыстәылатәи амассатә информациатә хархәагақәа рмаҵзурақәа рҟны астажировка ахысра.

Иазгәаҭатәуп, «Ареалтә журналистика "Герои поверх границ» ҳәы хыс измаз жәларбжьаратәи апроект аҵыхәтәантәи аамҭазы ажурналистика ахырхарҭаҟны крызҵакуа проектны ишыҟоу.

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз, апроект аусура иалахәыз зегьы асертификатқәа ранашьан.