Азҵаара рыҭара



Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор академик Алеко Гәарамиа Нугзар Логәуа иирамш идиныҳәалеит

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор академик Алеко Гәарамиа иирамш идиныҳәалеит еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы-аҿыханҵаҩ, аскульптор,  аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи рхеидкыла "Аҧсны-АРТ" ахантәаҩы, акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩ, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рыҟәша анапхгаҩы, асахьаҭыхратә ҟазареи адизаини ркафедра адоцент Нугзар Ҷыҷыкәа-иҧа Логәуа.

Ҳаҭыр зқәу Нугзар Ҷыҷыкәа-иҧа!

Ҳколлега, ҳҩыза! 

Уара иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив аӷьараҳәа уалагылоуп. Напхгара азыууеит ҳуниверситет ахәҭа ҷыда - адунеи аибаркыра, аҧсҭазаара амаӡақәа сахьаркыра формала рыҵхра ҧсҭазаараси хымҩаҧгашьаси ишьҭызхыз аҵара дурҵауеит, амҩа иануҵауеит, напхгара руҭоит, уҧышәа рымаудоит. 

Уара усахьаҭыхҩы ҟазоуп. Еиуеиҧшым, хыҧхьаӡаралагьы ирацәоуп унапы иҵыҵхьоу аусумҭақәа. Урҭ рыхә ҳаракны иршьахьеит ҳтәылаҿгьы, ҳтәыла анҭыҵгьы. Уҟазара анаҩсан, уара  активла уалахәуп уҧсадгьыл Аҧсны аҳәынҭқарра аҧсҭазаара. Унапы злаку узанааҭ аганахьалагьы аҳәаанырцәи Аҧсни реимадара уазааҧсахьеит, есышықәса имҩаҧуго аусхкқәа аинтерес рыҵоуп иеиҵаҳааӡо ҳҿар рзы адагьы, егьырҭ  ҳуааҧсыра рзгьы. Уара аамҭак азы акультура аминистрра уахагылан, иахьагьы ҳҳәынҭқарра Ахада уарӷьажәҩаны уивагылоуп -  аҭҵаарадырреи акультуреи рызҵаарақәа рганахьала уиабжьгаҩуп. Уара уыуаҩра иуылнаршоит абас ҟазшьалеи занааҭлеи иеизааигәоугьы иеицәыхароугьы реимадара, реидкылара. Ари уаҩытәыҩса ҟазшьа дууп, уара иуылоуп уи аҟазшьа ҷыда. 

Иахьа узлагылоу уҩызцәа, уколлегацәа гәык-ҧсыкала иудаҳныҳәалоит! Ари арыцхә дуум, аҧсуа шықәснҵыра аганахьалагьы, ус зеиҧшлагьы, ҷыдала аҧсыуала уабрахьгьы умнеиц, "иабра дҭысит" ҳәа аҧсуаа иззырҳәоз, зымширагьы азгәарҭоз 100-шықәса зхыҵыз иакәын. Аха иахьанӡагьы иуылшаз рацәоуп, уи ҳаигәырӷьоит, аринахысгьы, уабра уанҭысуа аамҭа қәҿиарала, гәырӷьарыла, агәабзиареи агәыцқьареи уманы уаҧылааит, Иаҳхылаҧшхәу Имчала.

Ҳаҭырла, 

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 

аректор академик 

Алеко Гәарамиа