Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаԥысит «Аԥшаара» ҳәа хыс измаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку адокументалтә фильм арбара

Адокументалтә фильм азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан (1941-1945шш.) рзы хабарда ибжьаӡыз Аԥсны иқәынхо ауаа рҭынхацәа рыԥшаара.

Афильм дырбара иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: ААУ аҿартә политиказы апроректор Медеиа Чегиа, аҿартә политиказы апроректор лхаҭыԥуаҩ Иури Трувалиов, Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшартә адҵатә училишьче акурсантцәа, ААУ астудентцәа.

Афиль «Аԥшаара» ҭыхын апроект «Ахьӡ архынҳәра» аҳәаақәа ирҭакӡаны.

Адокументалтә фильм асценари автор Дмитри Статеинов еиҭеиҳәеит аҭыхратә гәыԥи иара убас афильм аус адызулози, ахәаԥшҩы идырбар шырҭахыз Аџьынџьтәылатә еибашьраан шаҟа фырхаҵарыла ауаа ауадаҩрақәа шырхыргоз атәы.

Афильм ианахәаԥш ашьҭахь, ААУ аҿартә политиказы апроректор Медеиа Чегиа еизаз рахь лхы нарханы илҳәеит: «Ауаҩытәыҩса иҭоурых аҟны аибашьра еицәоу акагьы ыҟам, ирацәоуп уи атемала иҭыху акиносахьақәа. Урҭ зегьы ахәаԥшра даара ихьанҭоуп. Иаҳбаз афильм кыр уархәцуеит», - ҳәа азгәалҭеит лара.