Азҵаара рыҭара



Қьалышьбеи Чачба 275 шықәса ихыҵра иазку астол гьежь

Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба 275 шықәса ихыҵра инамаданы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аҟны имҩаԥысит астол гьежь.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа,   аҭоурыхтә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаара,  Аԥсны аҭоурыхҭҵааҩцәа, археологцәа, аетнологцәа, ААУ аспирантцәа, амагистрантцәа, астудентцәа.
Аиԥылара аартуа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгиа иазгәеиҭеит  Қьалышьбеи Чачба изку ас еиԥш инеиҵыху аиԥылара  раԥхьаӡакәны сынтәа ишымҩаԥгоу.
Анаҩс ажәахәқәа рыманы иқәгылеит 3-ҩык аҵарауаа: ААУ аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы еиҳабы Михаил Гәымба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, ААУ аҟазарақәа рыҟәша аиҳабы Нугзар Логәуа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сослан Салаҟаиа. 
Аҵарауаа, аҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи, аҳәаанырцәтәи аныҟәаҩцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи ранҵамҭақәеи, насгьы имаҷны иҭҵаау иҿыцу адокументқәа рхы иархәаны ахҳәаа ҟарҵеит Қьалышьбеи Чачба Аԥсны аҭоурых аҟны иааникылоз аҭыԥ азы.
Аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа ари амш инамаданы иазирхиеит Аҟәатәи абаа аҟны имҩаԥигаз археологиатә жрақәа рыхсаала: "Қьалышьбеи Чачба изқәа ҭыԥ ҳаԥшаарц азы аҟәатәи абаа ҭҵаатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы  астол гежь алахәылацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит аиҿкааҩцәа.