Азҵаара рыҭара



Аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!»

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иахьа ахԥатәи амшуп Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа ирзырхоу аолимпиада - «Аҳаракырахь амҩа 2022!» аусура иацнаҵоижьҭеи.

Аолимпиада хырхарҭала аусура иалагаанӡа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара рзы аилацәажәара мҩаԥигеит аректор, академик Алеко Гәарамиа.

Аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» рхы аладырхәырц иахьа иааит 135-ҩык Аԥсны араионқәа рышколқәа рҵаҩцәа. Урҭ рхы ԥыршәон анаҩстәи ахырхарҭақәа рыла: алингвистика – англыз бызшәа - 20-ҩык; алингвистика – анемец бызшәа -1; жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа -21-ҩык; аԥсуа бызшәеи алитературеи - 15-ҩык; аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рҟны - 6-ҩык; апедагогика алагарҭатә классқәа рҟны - 9-ҩык; афилологиа аурыс бызшәеи алитературеи - 11-ҩык; ажурналистика - 9-ҩык; апедагогикатә ҵарадырра - 10-ҩык; аграфикатә дизаин - 26-ҩык; акостиум адизаин - 4-ҩык; аҿыханҵатә ҟазара - 3-ҩык.

Аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» аихшанҵа инақәыршәаны иахьазы аҵаҩцәа иарҭон - аҳәаанырцәтәи абызшәа, аԥсуа бызшәа, аурыс бызшәа, аҿыханҵа амаҭәарқәа.

Аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» алҵшәақәа кьыԥхьхоит анаҩстәи ҳанҵамҭақәа рҟны. Шәазҿлымҳаз ҳдаҟьа!