Азҵаара рыҭара



Аҟазарақәа рыҟәша астудентцәа Аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭан

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рыҟәша  аҟны лаҵармза  17 азы зусура иалагаз ацәыргақәҵа қәҿиарала ихыркәшан иахьа лаҵарамза 20 азы.  
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыраз имҩаԥгаз ацәыргақәҵа алҵшәақәа рыла имҩаԥысит астудентцәа русумҭақәа рзы аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭара.
Аграфикатә дизаин ахырхарҭала аҵара зҵо: 3-тәи акурс астудентка Виқториа Саманба; аграфикатә дизаин 1-тәи акурс астудент Лаша Гергаиа; 2-тәи акурс астудентцәа: Ирина Камкаиа, Луиза Хромова, Лали Ажәанба, Руслан Амҷба, Ҭеона Мамамҭавришвили, Анастасиа Михаилова, Медина Казанџьы-Оглы, Давид Симониа.
Аграфикатә дизаин 3-тәи акурс: Сариа Ашәба, Николь Леви, Камила Харџьелиа, Камила Мқанба,  Анита Агәхаа.
Ачарҭтә ҟазара ахырхарҭа 5-тәи акурс: Арсоу Берзениа, Виқториа Ҭаниа, Салида Лазба, Иана Гәлиа, Диана Џьынџьал.
Ачарҭтә ҟазара 2-тәи акурс: Никита Шьукин, Мақсим Малиа,  Нарине Маркосиан, Алеқсандр Гогәуа.
Аҿыханҵатә ҟазара ахырхарҭа 1-тәи акурс астудент Сид Ломиа; 4-тәи акурс астудентка Лана Сангулиа, Амра Аҩӡба; 3-тәи акурс Викториа Саманба; аграфикатә дизаин 1-тәи акурс Лаша Гергаиа.
Ацәамаҭәа адизаин ахырхарҭа 4-тәи акурс: Сарида Ҵәыџьба, Инара Хынҭәба; 3-тәи акурс астудентка Селма Хандро-Оглы; 1-тәи акурс астудентцәа: Камила Қәҭаҭелаӡе, Лонда Ҳагба,  Аманда Џьопуа, Диана Ҭопуриа, Ариана Ҵәыџьба,  Мадлена Зеиҭуниан.
Аҟазарақәа рыҟәша арҵаҩцәа рыстудентцәа ирзеиӷьаршьеит ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәеи арҿиаратә еихьӡарақәеи, убри аан иазхьадырԥшит на́ҟ-наҟ аус зыдулатәу.
Ацәыргақәҵа иазку аҳаҭыртә шә́ҟәқәа  рыҭара аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭакӡаны, иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭан а́ҟазарақәа рыҟәша астудентцәа: Радмила Ашәба, Едеҭ Аҭрышба , Никита Шьукин, Руслан Амҷба, Влад Џьынџьал, Сабина Мулцоханова Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ааигәа имҩаԥысуаз аинтеллектуалтә хәмараа "Иарбан?, Иаба?, Ианба?"  иалахәыз.