Азҵаара рыҭара



Имҩаԥысит аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа!" аҟны аиааира згази апризиорцәеи аҳамҭарыҭара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа злахәыз аолимпиада "Аҳарыкырахь амҩа!" аҟны аиааира згази апризиорцәеи аҳамҭарыҭара иазку ацеремониа. ААУ аҟны аолимпиада мҩаԥысуан лаҵарамза 13 инаркны 15-нӡа.

Аҳамҭарыҭара иазкыз ацеремониа рхы аладырхәит: Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа, Аԥсны араионқәа рҵара усбарҭақәа аиҳабацәа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, аолимпиада алахәылацәа.

ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа инарҭбааны еиҭеиҳәеит ауниверситет аҟны иалагалази иаԥҵази ахырхарҭақәа ртәы, иазгәеиҭеит апандемиа аамҭаан ААУ иаԥҵоу аексперименталтә биологиеи амедицинеи аусзуҩцәеи аушьҭымҭацәеи рыбзоурала иҟаҵаз шмаҷым. Аректор иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра аҭахрақәа инарықәыршәаны ауниверситет ишазыҟанаҵахьоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа: аԥсихологцәа, алогопедцәа, аенергетикцәа, аргылаҩцәа, анџьнырцәа, ажурналистцәа, алингвистцәа уҳәа азанааҭқәа жәпакы. Дахцәажәеит ауниверситет жәларбжьратәи аимадарақәа ртәы. Аолимпиада иалахәыз рахь ихы нарханы ҷыдала иҳәеит: «Амилаҭтә университет аҟны аҵара зҵар зҭахыҵәҟьоу ироуеит адыррақәа».

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ААУ аректор Алеко Гәарамиа иҭабуп ҳәа иаҳәауа, иазгәеиҭеит: «Уаҵәтәи ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш зыӡбауа аҿар ахьырааӡо аҭып ауп ауниверситет, убри аҟны шәџьабаа рацәоуп, хаҭала шәара, Алеко Алықьса-иԥа. Иуадаҩуп шәара шәеиԥш иҟоу ауаҩы ихә ашьара».

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа дазааҭгылеит ишазхәыцтәу ҳхәынҭқарраҟны еиҳа имаҷу азанааҭқәа рхырхарҭақәа рыла аҟәшақәа раартра.

«Аҳаракырахь амҩа!» аолимпиада алҵшәақәа рыла ԥышәарада ААУ иахыԥхьаӡалоуп 124-ҩык аҿар. Урҭ рахьтә 22-ҩык аолимпиадаҿы 1-тәи аҭыԥ ааныркылеит; 22-ҩык – 2-тәи аҭыԥ; 14-ҩык - 3-тәи аҭ́ыԥ. Аҳәынҭқарра аҿаҵаԥҟала ауниверситет иахыԥхьаӡалоуп 64-ҩык. Аолимиада «Аҳаракырахь амҩа!» аҟны аиааира ззымгаз, аха ибзианы алҵшәақәа аазырԥшыз 60-ҩык ауниверситет иахыԥхьаӡалоуп рҵара хәыԥсала.

Сынтәа аолимпиада зынӡа 321-ҩык абжьаратә школқәа рҵаҩцәа рхы аладырхәит.