Азҵаара рыҭара



Аиҵбыратә классқәа рырҵаҩца рыквалификациа аизырҳаразы акурсқәа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҟны аусура иалагеит  Аԥсны  ашколқәа рҟны аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа рыквалификациа  аизырҳаразы акурсқәа.  Уи еиҿкаан  ААУ  аҟны иҟоу  аквалификациа аизырҳареи  акадрқәа реиҭазыҟаҵареи р-Центри Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи раԥшьгарала.
Акурсқәа мҩаԥыслоит рашәарамза  6 инаркны 17-нӡа.
Иахьатәи ашьақәыргыларатә сессиа  ахь ааԥхьара рыман: ақ.Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа рырҵаҩцәа. Акурсқәа рыҽрыладырхәит зынӡа 52-ҩык.
Ишьақәырӷәӷәан арҵагатә план апрограмма, еиқәыршәан алекциақәа реихшанҵа.  Акурсқәа мҩаԥгахоит  алекциақәеи, аиҿцәажәарақәеи, атренингқәеи рформала.
Ашьақәыргыларатә сессиа иахысыз рзы ихымԥадатәиуп арефератқәа  разырхиара, уи ҽҳәарас иамоуп цәыббрамза 20-нӡа  2022 ш.
ААУ  аҟны иҟоу аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рҳәынҭқарратә  Центр  анапхгаҩы Медеиа Ченгелиа иазгәалҭеит,  қәҿиарала  акурсқәа хзыркәшаз, адҵақәа зегьы назыгӡаз ишрыҭахо аквалификациа  зырҵабыргуа "Аршаҳаҭга".
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: ААУ  аҭҵаарадырра аҟәша апроректор Џь. И. Адлеиба, апедагогикатә факультет адекан Л. Гь. Бениа,  апедагогикатә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаара.