Азҵаара рыҭара



Адоктортә диссертациа ахьчара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Гәырам Гәымба аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор иҩаӡара ахьӡ аиуразы идиссертациа ахьчара.

Атема: «Аладатәи Кавказ иаҵанакуа аетно-культура амиграциатә прцессқәа».

Адиссертацитә Хеилак аилазаара:

Ахантәаҩы – аҭ. ҭҵ. рд., апроф. С.М.Шамба;

Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ аҭ. ҭҵ. рд., апроф. – О. В.Маан;

Амаӡаныҟәгаҩ – афилософ. ҭҵ. рканд., ААУ адоцент Мзиа Кәыҵниа;

Аҭ. ҭҵ.  рд., апроф. – В. Л. Бигәаа;

Афилол. ҭҵ. рд., апроф., ААР акад. -   В.А.Чыргба;

Аҭ. ҭҵ.  рд., апроф. – И.В. Криучков (Ставрополь);

Аҭ. ҭҵ. рд., апроф. -  Е. П. Тельменко (Ставрополь);

Аҭ. ҭҵ. рд., апроф. – А.Л. Папасқьыр;

Аҭ. ҭҵ. рд., апроф. – М.М. Ҳашба;

Аҭ. ҭҵ. рд., апроф., археолог – В. Р. Ерлих (Москва);

Аҭ. ҭҵ. рд. – В.В. Клочков (Ростов).

Иофициалтәу аоппонетцәа: аҭоурыхтә  ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Валери Бигәаа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Еревантәи аҳәынҭқарратә университет «Азеиԥш ҭоурых» акафедра адоцент Акоп Арутиуниан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Даӷьсҭантәи археологиеи, аетнографиеи аинститут аҭҵаарадыратә усзуҩ хада апрофессор Руслан Сефербеков.

   

Гәырам Џьота-иԥа иқәгылара аҟны еиҭеиҳәеит иусумҭа ахықәкы хадеи, аҵаки, аҭҵаарадырратә ҿыцрақәеи, ихатәы лкаақәеи, аартрақәеи ртәы.

Адоктортә диссертациа алкаақәеи ихадоу ахырхарҭақәеи кьыԥхьуп ҩ-монографиакны, иара убас адиссертациа атемала иҭыжьуп 26 усумҭа.

Адиссертациатә Хеилак   иалаз аҵарауаа ргәанаагарала аҵарауаҩ Гәырам Џьота-иԥа Гәымба ишьҭихыз атема агәылырҭәаара аҟны ицхрааит адиссертант аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа - аоригиналқәа рбызшәа ахьидыруаз: ажәытәтәи аерман, ҳаамҭазтәи аерман, ақырҭуа бызшәақәа. 

Адиссертациатә Хеилак иалаз иазгәарҭеит, Гәырам Гәымба ишьҭихыз атема раԥхьаӡакәны аԥсуа ҭоурых аҟны инарҵауланы асистематә шьаҭа аҭаны аҭҵаара илшеит ҳәа.

Аҵарауаҩ Гәырам Џьота-иԥа идоктортә диссертациа иазкны имҩаԥгаз абжьыҭара алҵшәақәа рыла, Адиссертациатә Хеилак алахәылацәа зегьы еицҿакны уи аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ аиура иазыразхеит.