Азҵаара рыҭара



АДНЫҲӘАЛАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи ииубилеи идырныҳәалоит агронџьныртә факультет "Аенергетикатә система" акафедра адоцент, афизик, арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩы, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аенергоинформациатә ҭҵаарадыррақәа Жәларбжьаратәи ракадемиа (МАЭН) академик, аекологиа анаукақәа Жәларбжьаратәи академиа академик (МАНЭБ) Расим Аркади-иԥа Камлиа. Ҳаҭыр зқәу Расим Аркади-иԥа! 40-шықәса инареиҳаны шәнапы алакуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҿар реиҵааӡара аус. Ари аамҭа иалакӡаны иазыҟашәҵахьеит хыԥхьаӡара рацәала аспециалистцәа. Аполупроводникцәа рфизикеи, аелектроникеи ртеориатә шьаҭақәеи рыла алекциақәа шәрыԥхьон. 2021 шықәсазы афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ихьӡ аиуразы адиссертациа шәыхьчахьеит. Шәравторуп 40 инареиҳаны афизика ахырхарҭаҟны аҭҵаарадырратә статиақәа. Шәыҭҵаамҭақәа ҳмилаҭтә ҭоурых ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылоуп. Расим Аркади-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара, аманшәалара. Шәнапы злаку шәыпрофессионалтә ус аҟны аихьӡарақәеи аартра ҿыцқәеи шәзыԥзыԥшызааит. Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи шьардаамҭа шәрыгымзааит!