Азҵаара рыҭара



Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа анапхгареи астудентцәеи ААУ иаҭааит

Ԥхынгәы 25 азы  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аректор, академик Алеко  Гәарамиа  Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа анапхгареи астудентцәеи идикыкылеит.
Аделагациа напхгара аиҭон Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа аректор,  азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент  Руслан Кочкаров.
Аиԥылара  артуа ААУ аректор Алеко Гәарамиа изгәеиҭеит, Нхыҵ-Кавкази  Аԥсны жәлари шаӡәу, игәалаиршәеит ҳтәылазы имариамыз аамҭазы ацхыррара иҳарҭаз атәы. Аҿар рахь ихы нарханы иҳәеит, аиҭанеиааиреи, аиҩызареи, иеицырзеиԥшу апроектқәеи рымҩаԥгара шаҭаху: «Уи аус аҟны ҳара анапхгара еснагь адгылареи ацхыррареи шәаҳҭоит», - иҳәеит аректор.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 10-ҩык академиа астудентцәа  шьапыла Қарачы Черқьестәылантәи,   Архыз - Роза Хутор - Ԥсоу - Холоднаиа Речка амаршрут ала  Аԥсны аҳәаа иахыҵыз аҿари урҭ рырҵаҩцәеи  ААУ иаҭааит.  Иазгәаҭатәуп,   фымш амҩа иқәыз Нхыҵ-Кавказтәи академиа астудентцәеи арҵаҩцәеи ргәыԥ амҩахь ишымҩақәырҵоз ААУ астудентцәа.
 Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа аректор Руслан Кочкаров астудентцәа шьапыла Ҟарачы-Черқьестәылантәи раара аҵакы дахцәажәауа иҳәеит:  «Аекспедициа иалаз астудентцәеи арҵаҩцәеи шьапыла раара азкуп сынтәа ААУ 90-шықәса ахыҵреи Ҟарачы-Черқьестәылеи 100 шықәса ахыҵреи арыцхәқәа».
Аекспедициа алахәылацәа ражәақәа рыла амш цәгьақәа ирыхҟьаны амаршрут шыуадаҩызгьы, аинтерес ду аҵан ҳәа, иагьаадырԥшит агәыӷра ААУ астудентцәагьы ари амаршрут ала Ҟарачы-Черқьесҟа инеип ҳәа.
Руслан Кочкаров иҭабуп ҳәа еиҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа Ҟарачы-Черқьестәылантәи иааз астудентцәа  ААУ иатәу Гагра иҟоу аԥсшьарҭатә ҩны аҟны иахьрыдыркылази, Аԥсны аҭыԥ пшӡарақәа дырбо иахьымҩаԥырго азы.
Аиԥылара рхы аладырхәит: Аԥсны ауаажәларратә усзуҩ Валери Аршба, ААУ жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рыпроректор Мақсим Ӷәынџьиа,  жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Анна Адлеиба, агронџьныртә факультет адекан Розетта Смыр, абиолого-географиатә факультет адекан лхаԥыԥуаҩ Ельза  Аиба, аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиа, Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа астудентцәа ргәыԥ напхгара азҭоз азыҟаҵаҩ-арҵаҩы Елена Чочтаева,  аекспедициатә ҟәша иҷыдоу аҟәша анапхгаҩы Ҳасан Лаипанов, Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиа астудентцәа, ААУ астудентцәа.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз аҩ-ганкгьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.