Азҵаара рыҭара



Аҵарашықәс ҿыц иазыхиоуп

Нанҳәамза 30 рзы ААУ аҟны имҩаԥысит аректорт аилатәара.​ Уи азкын ҳазҭало аҵарашықәс ҿыц иадҳәалоу азҵаарақәа.
Ишьақәырӷәӷәоу аҵаратә планқәеи аректорат аӡбамҭеи инарықәыршәаны, ​ 1-тәи акурсқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит цәыббрамза​ 12 инаркны, егьырҭ акурсқәа рҟны – цәыббрамза 19 инаркны.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит асааҭ 9:00​ инаркны, алекциақәа мҩаԥыслоит​ - 80 минуҭ.
Латәарадатәи аҟәша аҟны аҵара зҵо 1-тәи акурсқәа рҟны ашьақәыргыларатә сессиа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 3 инаркны ​ 28 рҟынӡа.