Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети реимадарақәа рыҽдырҭбаауеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иаҭааит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет (СКФУ) аректор ​ Дмитри Беспалов зхадараҿы дыҟаз аделегациа.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан ҩ-университетк реимадарақәа рымҽхак арҭбаареи аусеицура ахырхарҭақәеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа.

Иазгәаҭатәуп, аҵараиурҭақәа рыбжьара 2015 шықәса раахижьҭеи аҭҵаара-ҵарадырратә усхк аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы шаҵарыҩхьаз, анаҩс, 2020 шықәсазы онлаин арежим ала аус шадырулахьаз даҽа еиқәышаҳаҭра ҿыцк. Аамҭа ицәырнагаз аиҭакрақәа ҳасаб рзуны ари адокумент аректорцәа иахьа хаҭала рнапы аҵарҩит.

Ԥхьаҟатәи аусеицура далацәажәо ААУ аректор Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит, аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ​ аҵареи, аҭҵарадырреи  ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы реицыӡбара, хырхарҭа рацәала аусеицура шалыршахо.

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Дмитри Беспалов дырзааҭгылеит ​ аҵараиурҭақәа рыбжьара хшыҩзышьҭра зҭатәу ахырхарҭақәа жәпакы, дрыхцәажәеит​ еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәеи апроектқәеи.

​ААУ анапхгареи афакультетқәа реиҳабацәеи алацәажәеит аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ​ арҵараҟны ауз зыдулатәу ахырхарҭақәа.

Аиԥылара иалахәын: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, ААУ аҭҵаарадырраус апроректор Џьулетта Адлеиба, ААУ жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Мақсим Ӷәынџьиа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа​ Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбар, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Сергеи Бебиа, ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб, аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа, азиндырратә факультет адекан Сергеи Смыр, абиологиа-географиатә факультет адекан Марина Гогәуа, ААУ аректор афинансқәа рзы ицхырааҩ Амра Кәаранӡиа, аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиа.