Азҵаара рыҭара



Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит актәи акурс астудентцәа рҭоубашьҭаҵара иазкыз аныҳәатә хәылҧазы

Аусмҩаҧгатә хацыркын Аҧсны Аҳәынҭқарра Агимн арҳәарала. 

Актәи акурс астудентцәа дрыдныҳәалеит аҵараиурҭа аректор, академик Алеко Гәарамиа. Уи астуднтцәа ирзеиӷьишьеит аҵараҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Ацеремониа ихы алаирхәит арҭ амшқәа рзы усутә ныҟәарала ААУ иаҭааны иҟоу Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аректор Дмитри Беспалов.

Ахәылҧаз мҩаҧган аҵараиурҭа аҿар рполитиказы апроректор Медеиа Чегиа лнапхгарала.

Сынтәатәи аҵарашықәс азы ААУ актәи акурсқәа рахь ршьаҿа еихыргеит 565-ҩык аҿар.

Мҩамш!

ААУ аинформациеи 

амедиакоммуникациақәеи рыҟәша