Азҵаара рыҭара



Амҷба: Азеиҧшнхарҭа зегьрыла еиқәыршәоуп

Цәыббрамза 12 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит 1-тәи акурсқәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа. Аҵаратә процесс алагамҭазы ҳара ҳиҿцәажәеит ААУ азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Лука-иԥа Амҷба.


- Зураб Лука-иԥа, изеиԥшрои иахьа азеиԥшнхарҭа аҭагылазаашьа, иабанӡазыхиоу астудентцәа рыдкылара?


- Нанҳәамза инаркны аҽазыҟазаҵара ҳаҿын, иахьынхо-иахьынҵуа, иагу-иабзоу, иҳалшои иаҳзыҟаҵои ҳрызхәыцуан, иара аҩныҵҟа ауадақәа рыдагьы, анҭыҵгьы аиҿкаара ҳаҿын. Иазгәасҭарц сҭахуп, астудентцәа ҵыԥх аасҭа сынтәа еиҳа ирацәаҩны иадҵаало ишалагаз. Иахьазы араҟа руадақәа ылырххьеит 20-ҩык рҟынӡа, макьанагьы иадҵаало ыҟоуп. Ҵыԥх иҩнақәаз ракәзар, урҭгьы ааира ргәы иҭоуп. Исҳәарц сылшоит, иахьала азеиԥшнхарҭа зегьрыла астудентцәа рыдкылара иазыхиоуп.


- Ирацәаҩума сынтәа азеиԥшнхарҭаҟны аангыларазы арзаҳалқәа алазҵахьоу аҿар, насгьы  иарбан документқәоу уи азы иаҭаху?


- Ирацәаҩуп ҳәа сызҳәом, аха ҵыԥх аасҭа еиҳа еиҳауп. Азеипшнхарҭа аҩналаразы иаҭаху атәылауаҩшәҟәы (паспорт) ауп, уи араҟа ахкьыԥхьаа ахаҳхуеит. Уаҳа узшьаҳауа ҳәа акагьы ҳаҳәом.


- Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу аҿкычымазара аҽацәыхьчареи аԥырҟәҟәаареи рзы иарбан усмҩаԥгатәқәоу иазгәаҭоу?


- Ачымазара ӷәӷәала иҳалаҵәаны ианыҟаз еиԥш иахьа иалкааны иҷыдоу ԥҟарак ҳақәныҟәом, аха еихагылацыԥхьаӡа игылоуп асанитаизерқәа, ауадақәа аԥша рыҩнаҳарсуеит, аҭыӡқәа, адашьмақәа ҳрыцқьоит. 
Азеиԥшнхарҭаҿы дҳамоуп амедеҳәшьа, зус ҭакԥхықәрала иазнеиуа, аспециалист бзиа – Мимоза Барцыц-ԥҳа.  Уи луада еиқәыршәоуп згәы бзиам аӡә дҟалар ихымԥадатәу ацхыраара лас иҭаразы. Анаҩс, иаҭаххар, ачымазаҩ ахәышәтәырҭахьгьы даагоит. 


 - Иааидкыланы иугозар, шаҟаҩы шәыдышәкыларц алшои азеиԥшнхарҭаҟны, насгьы ишԥеиҿкаау ауадақәа?


- Ԥшӡала иҳарҭәуа анцәа иҟаиҵааит, 220-ҩык рҟынӡагьы ҳадаҳкылартә еиԥш алшара ҳамоуп. Уадак аҟны ҩыџьа-ҩыџьала иҩноуп, аҷкәынцәа аҩбатәи аихагылаҟны инхоит, аӡӷабцәа ахԥатәи аихагылаҟны.
Ахәыҟаҵарҭа хазы иҟоуп.  Астудентцәа алшара рымоуп рхала ргәы иаҭаху афатә армазеиразы. Егьырахь, афатә араҟа иахьаархәогьы азԥхьаӷәаҭаны иҳаман, аха ахархәара анамоу, иадҵаало анмаҷхаӡа, иаҳаркит. Азеиԥшнхарҭа ааигәара иҟоуп адәқьанқәа, афатә ахьаархәаша, нас араҟа ианааилак идырмазиеуеит.


- Астудентцәа рхәы ахьыҟарҵои иахьыцәои ауадақәа рнаҩс, иҟоума азеиԥшнхарҭаҿы иҷыдоу егьырҭ ауадақәа, иаҳҳәап, рҽахьазыҟарҵо, рыԥсшьара аамҭа ахьырхырго уҳәа?


- Ашәҟәыԥхьарҭа ыҟоуп хазы, абиблиотека хазы, уаҟа дыҟоуп ашәҟәқәа ралԥшаараҟны ирыцхраауа аспециалист; хазы иҟоуп рыԥсы ахьыршьаша ауада; аспортзал, анапылампыл асырҭа, ирымоуп ателевизор, аинтернет ахархәара хәыда-ԥсада иалзыршо аваифаи уҳәа убас иҵегьы. Убарҭ рнаҩс, адәаҟны иҳамоуп ҳхала иҳархиаз аԥкьаҭмпыл асырҭагьы.


- Азеиԥшнхарҭаҿы иаангыло аҿар ршәарҭадара азҵаара шԥаҟоу?
- Азеиԥшнхарҭаҿы ахьчара ҳахылаԥшеит, ишырҳәо еиԥш, 24-сааҭ, уахгьы-ҽынгьы иааиԥмырҟьаӡакәа. Уаҟа иҩнам, иаҳҳәап, тәымуаҩык аӡә дибарц дааиргьы, ихаҭара шьақәыргыланы, ажурнал ианҵаны ауп дшыҩнаҳажьло. Астудент ахәылбыҽхала азеиԥшнхарҭа ашҭа дҭыҵны дцозар, убригьы данцаз  аамҭа аҳарбоит, даныхынҳәуа аамҭагьы ажурнал аҟны иарбоу аамҭа иақәшәозароуп. Иҳамоуп авидеорбагақәа, урҭгьы цхыраагӡоуп ахылаԥшраҟны. Аҷаԥшьаҩ иналҷыданы ахылаԥшҩгьы хазы дыҟоуп.


- Иахьа еиуиԥшым араионқәа рҟынтәи астудетцәа ахәԥса ҳарак рыхшәааны ауадақәа ирыҩноуп, иарбан хәыԥсоу ишьақәыргылоу азеиԥшнхарҭаҟны астудентцәа рзы?  


- Азеиԥшнхарҭаҟны астудентцәа 1500 мааҭ ршәоит. Ахәԥса ас имаҷны ишыҟоугьы, азеиԥшнхарҭаҿы аангылара «зыргәамԥхо» зыдҳәалоу амзызқәа алыскаар сҭахуп. Раԥхьа иргыланы, ахәыҷқәа рхы иааҭашәо, ишаарҭаху еиԥш ахымҩаԥгашьа алҳаршом, ахылаԥшра азҵаара рӷәӷәоуп, избанзар аҭакԥхықәра ҳара иҳадуп. Насгьы абри ахылаԥшра «згәамԥхо» ахәыҷқәа рҭаацәа ииашам аинформациа анрызнаргогьы ыҟоуп. Аха аҵара сҵап, ԥхьаҟатәи сыԥсҭазааратә мҩаҟны сзанааҭ ылысхып ҳәа ихәцуа ахәҷы изы азеиԥшнхарҭаҿы анхара зегьрыла иманшәалоуп. 
Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит 
Аида Смыр